Азҵаара рыҭара



Аушьҭымҭатә аквалификациатә усумҭақәа

ААУ аҟны имҩаԥысит абиолого-географиатә факультет "Амедицинатә биохимиа" ахырхарҭала   аҵара зҵоз   астудентцәа раушьҭымҭатә квалификациатә усумҭақәа рыхьчара.

Сынтәа астудентцәа рыквалификациатә усумҭақәа рыхьчара хантәаҩра аиҭон Аԥсны Агәабзиарахьчара аминистр Едуард Валериан-иԥа Быҭәба. Ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩыс дыҟан абиолого-географиатә факультет адекан, абиолого-географиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат Марина Гогәуа.

Акомиссиа иалахәын "Аексперименталтә биологиеи амедицинеи" ркафедра аиҳабы, адоцент, абиолого-географиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат Лариса Аҳәба; "Аексперименталтә биологиеи амедицинеи" ркафедра адоцент, абиолого-географиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат Ирина Конџьариа; акомиссиа амаӡаныҟәгаҩ   Леонид Џьелиев.

«Амедицинатә биохимиа» ахырхарҭала аҵара зҵоз астудентәа 10-ҩык русумҭақәа рыхьчеит, уи презентациала ихарҭәаан.