Азҵаара рыҭара



АГЛОБАЛИЗАЦИА ААМҬАЗЫ АЕТНОСИ АКУЛЬТУРЕИ

ААУ аҟны онлаин офлаинла имҩаԥысит "Аглобализациа аамҭазы аетноси акультуреи" ҳәа хыс измаз аконференциа. Аконференциа еиҿыркааит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университети, Санкт-Петербургтәи аҳәынҭқарратә аграртә университети, Урыстәыла-Ермантәылатәи (Асловиантә)университети.

Аконференциа хықәкыс иаман хра злоу азҵаарақәа рҟны конструктивлеи интеллектуаллеи, аглобализацеи, аетнокультуреи, акультурақәа рыбжьара акоммуникациақәеи реиҿкаара ахцәажәара.

Аконференциа ахцәажәаразы ааԥхьара рыман аҵаратә, арҵаратә, аҭҵаарадырратә хырхарҭақәа русзуҩцәа; аҵарауаа, аспирантцәа, аконференциа ахырхарҭақәа рыла аҭҵаара знапы алакә аусзуҩцәа.

Аконференциа аалыртит ААУ аҭҵаарадырра апроректор, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, апрофессор Џьулетта Адлеиба.

Аконференциа аиҿкааҩ ААУ афилософиеи акультурологиеи ркафедра аиҳабы, афилософиатә ҭҵ. рдоктор Иван Ҭарба иажәақәа рыла «Ас еиԥш иҟоу аконференциа мҩаԥысуеит 2015 шықәса раахижьҭеи, аконференциа амҩаԥгаразы ҳкафедра ацхыраара ду аиҭоит ААУ аректор Алеко Гәарамиа, иаҳзаԥиҵеит аҭагылазаашьа Урыстәылатәи аконференциақәа хаҽрылаҳархәыртә еиԥш, ҳашәҟәқәа уаҟа рҭыжьра ҳзалиршеит, аусмҩаԥгатә анхыркәшахалак ашьҭахь хәыда-ԥсада Краснодар ақалақь иҭҳажьуеит аконференциа алыҵшәақәа рыла ажәахәқәа зну аизга», - иҳәеит апрофессор. Уи иазгәеиҭеит ААУ афилософиеи акультурологиеи ркафедра ишамоу ахатәы кьыԥхьтә орган Санкт-Петербург. Насгьы, убраҟа ишыҭрыжьуа аԥсуа-урыстәылатәи ажурнал «Альманах». «Есышықәса питертәи аҵарауааи ҳкафедра аусзуҩцәеи еицымҩаԥаҳгоит аконференциақәа», - иҳәеит апрофессор.

Иажәа хыркәшо аҵарауаҩ инаҵшьны иҳәеит: «Иахьатәи аконференциа афилософиа ахырхарҭала аҵара зҵо рзы иԥышәа дууп, ишьақәгылахьоу рзгьы иквалификациатә еизҳароуп», - иҳәеит ААУ афилософиеи акультурологиеи ркафедра аиҳабы, афилософиатә ҭҵ. рдоктор Иван Ҭарба.

Аконференциа мҩаԥыслоит рашәарамза 1-2 рзы.