Азҵаара рыҭара



Аквалификациатә усумҭақәа рыхьчара

ААУ аҟны имҩаԥысит абиолого-географиатә факультет «Атуризм» ахырхарҭала аҵара зҵоз астудентцәа раушьҭымҭатә квалификациатә усумҭақәа рыхьчара.

ААУ аректор Алеко Гәарамиа иааԥхьарала аквалификациатә усумҭақәа рыхьчара хантәаҩра аиҭеит Урыстәылатәи аҳәынҭқарратә университет абизнеси, атехнологиеи, атуризми ркафедра апрофессор, агеографиатә ҭҵ.рдоктор Олег Афанасьев.

Иазгәаҭатәуп, ааигәа Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университети Урыстәылатәи атуризми асервиси аҳәынҭқарратә университети рнапы шаҵарҩыз арҵаратәи-аҭҵаарадырратәи усеицуразы амеморандум.

Акомиссиа ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩс дыҟан абиолого-географиатә факультет адекан ихаҭыԥуаҩ, агеографиатә ҭҵ.рканд. Нури Багаԥшь.

Ауснагӡатә рхы аладырхәит абиолого-географиатә факультет апрофессортә-рҵаҩратә еилазаареи астудентцәа русумҭақәа рзы аҭҵаарадырратә напхгаҩцәеи.

Ажәахәқәа рӷьырак зызкыз атуризми асасдкылареи реиҿкаара азҵаарақәа ракәын. Астудентцәа ирҭакԥхықәран, Аԥсны асасааирҭақәеи, аԥсшьарҭатә ҩнқәеи, акрыфарҭақәеи, рыҟны ишьақәыргылоу ахәԥса аилкаареи, насгьы, аԥхын урҭ ахәқәа рыҽшырыԥсахуа рызҵаарақәа. Араҟа еиҿырԥшын шәачатәи асааирҭақәеи аҭыԥантәиқәеи рыҟны атурист иц́әцо ахарџь.

Актуалра зҵаз теман аԥхынтәи аамҭазы згәабзиара иахҟьаны зылшарақәа ҳәаақәҵоу ауаа Гагра ақалақь асасааирҭақәа рҟны рыдкылара ишазыҟаҵоу атәы, насгьы, арҭ ауаа рзы асасааирҭақәеи, акрыфарҭақәеи, аҽыхәшәтәырҭақәеи рҟны иазыԥҵәоу ахәԥса. Хаҭа-хаҭала астудентцәа асасааирҭақәа ҭҵааны иазгәар́ҭеит апандусқәеи акрыфарҭақәеи ахьыҟоу.

Акультура аелемент атуристтә зҿлымҳара иахәҭаку атемаҟны иаарԥшын Аԥсны иԥшьоу аҭыԥқәа рдоуҳатә цәаҩеи, аҿыханҵатә ҟазареи автортә усу́мҭақәеи, акәашаратә ансамбльқәеи, аоператә фестивальқәеи рнырреи атәы; Риҵатәи амилаҭтә реликттә парк иаҵанакуа адгьылқәа рыхцәажәара; Фазиль Искандер илитературатә ҩымҭақәа рыла аекскурсиатә ныҟәарақәа реиҿкаара; Аԥсны иамоу амузеитә ресурсқәа аныҟәарақәа рымҩаԥгараҿы уҳәа атемақәа жәпакы.

«Атуризм» акафедра аҟны ажәахәқәа ҟарҵеит 8-ҩык астудентцәа.

Ажәахәқәа зегьы апрезентациақәа рыла ихарҭәаан.