Азҵаара рыҭара



Иу. Н. Воронов игәалашәара иазку аконференциа мҩаԥысит


Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟны еиҿкаау Иу. Н. Воронов ихьӡ зху аҭҵаарадырра-культуратә центри Д.И.Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институти еицымҩаԥыргеит иналукааша аҵарауаҩ-кавказҭҵааҩ, зыхьӡ нагоу ауаажәларра-политикатә усзуҩы Иу. Н. Воронов диижьҭеи 80-шықәса аҵра иазку "Ажәытәра инаркны иахьатәи аамҭанӡа" ҳәа хыс измаз Аԥсны аҵарауаа ҿарацәа рконференциа.
Аконференциа мҩаԥигон аҭ.ҭҵ.рд.ААР академик, О.Х.Бӷажәба.  
Иу.Н.Воронов 80-шықәса ихыҵра иазкыз аконференциа ааиртит ААУ аҭоурыхҭҵааратә факультет адекан А.Н.Габелиа: «Ҳаҭыр зқәу еизаз зегьы, аҵарауаа ҿарацәа рымацара ракәымкуа иахьа избоит Иу.Н.Воронов иаҳаҭыраз иааз ишьақәгылахьоу аҵарауаагьы. Ҳара ҳфакультет аҟны аус ауеит Иури Воронов ихьӡ зху аҭҵаарадырра-культуратә центр, убри афонд есышықәса имҩаԥнагалоит еиуеиԥшым аҭоурыхтә уснагӡатәқәа. Аҵарауаа ҿарацәа иргәаласыршәар сҭахуп Иу.Воронови ААУ аректор А.Гәарамиеи 12 шықәса инарзынаԥшуа напхгара шарҭоз Обком аамҭазы еиҿкааз «Аҵарауаа ҿарацәа Реидгыла». Иу.Воронов есқьынагьы адгылара риҭон аҵарауаа ҿарацәа, иара дыпрофессорын, башагьы ианашьамызт аттестат №1», - иҳәеит адекан.  
Анаҩс А.Габелиа ААУ аректор А.Гәарамиа иабжьгарала ирылеиҳәеит ишыр́ҿыцтәу ԥаса иҟаз ареспубликантә ҵакы змоу «Аҵарауаа ҿарацәа Реидгыла». 
Аконференциа аусура ихы алаирхәыит Аԥсны иҟоу Россотрудничество Ахаҭарнакра аиҳабы В.В.Чеха, иажәахә аҟны иазгәеиҭет Ахаҭарнакреи ауниверситети рыбжьара кыршықәса раахижьҭеи аспектрацәалатәи аусеицура шрыбжьоу.   Иҭабуп ҳәа реиҳәеит ауниверситет анапхгара, Аԥсны аҵарауааи, еиуеиԥшым Аԥсны аиҿкаарақәеи есқьынагьы аҭцаарадыраатә усмҩаԥгатәқәа ралархәразы аҭагылазаашьа ахьаԥырҵо. В.Чеха иазгәеиҭеит Иу. Воронов «Аурыс цуҭа» аиҿкарра ашьаҭаркыҩцәа дышреиуаз, убри аҟнытә Россотрудничество Ахаҭарнакра ахьӡала ́аҵараиурҭа абиблиотека ҳамҭас иеиҭеит ашә́ҟәы «Аурыс жәлар рҳәамҭақәа» аҭыжьымҭа ҿыц.
Аконференциа аҟны идырбан аҵарауаҩ қәыԥш Д. Счастныи иазирхиаз Иу. Воронов изку афотоархив.
Анаҩс, аконференциа аусура иацырҵеит 13-ҩык аҵарауаа. Ажәахәқәа ирыҵаркуаз атемақәа рымҿхак ҭбаан: Аԥсны Евразиатәи абаҟақәа рконтекст ала аҩадатәи апалеолит; Аԥсуааи ахетааи космологиала реиҿырԥшра; Аԥснытәи ахҿақәа револиуциа; Аԥсуа баагәара ду аҭоурых аҟнытә; археологиатә баҟақәа рыхьчара аҭоурыхи аԥеиԥши; 19-тәи ашәышықәсазы баӷәазатә қалақьк аҳасаб ала Аҟ́әа аҿиара; «Абхазпереселенстрои»:  аиҿкаара ахықәкы,  уҳәа еиуеиԥшымыз атемақәа цәырганы ирыхцәажәан.
Аконференциа иалахәыз Иу.Н.Воронов иԥшәма ԥҳәыс С.В.Воронова иҭабуп ҳәа ралҳәеит аусмҩаԥгатә аиҿкааҩцәа зегьы, раԥхьаӡа иргыланы Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет анапхгареи Д.И.Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт аусзуҩцәеи. «Сгәы иаанагоит иахьа еизаз аҵарауаа ҿарацәа уаҵәтәи ҳҭоурыхҭҵаара аԥеиԥш знапы иану шраку. Иахьатәи ажәахәқәа ирхылҿиаауаз аинтерес зҵоу азҵаарақәа еиҳагьы игәылдырҭәаауеит ҳҿаԥхьа иқәгылоу атемақәа. Аконференциа зызку Иу.Воронов ихаҭагьы сааҭла ас еиԥш иҟоу адискуссиақәа иҽрылаирхәан, агәаанагарагь иман атема аимаки азааҭгылареи рҟны ишцәырҵуа аҵабырг».
Аконференциа зҽалазырхәыз Д.И.Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт аусзуҩы, адиндырратә ҭҵ.рдоктор, архимандрит Д.Дбар аҵарауаа ражәахәқәа реихшьаала ҟаҵо,  хаҭа-хаҭала аусумҭақәа зегьы дрыхцәажәо, иазгәеиҭеит иааидкыланы ажәахәқәа аинтерес шрыҵаз. Аҵарауаа ҿарацәа русумҭақәак рыҟны иазхьеирԥшит хшыҩзышьҭра зҭаны ихарҭәаатәу. Иҭабуп ҳәа реиҳәеит қәҿиарала имҩаԥысыз аусмҩаԥгатә аиҿкааҩцәа.
Иу.Н.Воронов игәалашәара иазкыз аконференциа зҽалазырхәыз аҵарауаа ААУ аҭоурыхтә факультет археологиеи аетнологиеи ркафедра арҵаҩы Г.Сангәлиеи, аҭ.ҭҵ.рдоктор, аҭоурыхҭҵааҩ А.Аҩӡбеи, аҭ.ҭҵ.ркандидат, ААУ адоцент С.Салаҟаиеи аконференциа ахыркәшамҭаз ажәахәҟаҵаҩцәа рахь азеигьашьарақәеи алкаақәеи ҟарҵеит.