Азҵаара рыҭара



АЛИНГВИСТИКАТӘ ФОРУМ

Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟны имҩаԥысит Алингвистикатә форум –  Азеиԥшмилаҭ лингвистикатә еизара ду, «Иакыу аконцепциа алхра аԥсуа бызшәа аиқәырхаразы, арҿиаразы, Аԥсны аҳәынҭқарра аусбарҭақәа рҿы ахархәаразы» апроблема иазкыу.

Алингвистикатә форум ихы алаирхәыит Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Гьаргь-иԥа Бжьаниа, иара убас рҽаладырхәыит Аԥсны аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, афинансқәа рминистр Владимир Делба, Аԥсны аҵареи абызшәатә политикеи рминистр Инал Габлиа, Д.И.Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт адиректор Арда Ашәба, Аԥсны Аҳәынҭкарра Ателерадиоеилахәыра адиректор Ирина Агрба, Аԥсны араионқәа аҵара усбарҭақәа реиҳабацәа.

Афорум еиҿкаан ААУ Алингвистикеи аинформациатә технологиақәеи р-Центр аԥшьгарала.

Афорум ахь иааԥхьан ажәахәқәа ҟазҵоз, еиуеиԥшым аусбарҭақәа рхаҭарнакцәа, иара убас аԥсшәа згәы азыбылуа зегьы.

Афорум аартын Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахьыӡрашәа ала. Анаҩс афорум ааиртит ААУ аректор, академик Алеко Гәарамиа:

«Ҳаҭыр зқәу Аԥсны Ахада, ҳаҭыр зқәу иахьа имҩахыҵыз зегьы, ҳаҭыр зқәу сыстудентцәа, сырҵаҩцәа! Иахьа ҳазхәаԥшуа азҵаара ҳҳәынҭқарраҿы даара крызҵазкуа усуп. Ҳара ҳҵараиурҭаҿы иҳалшо зегьы ҟаҳҵоит иахьа иӡбатәны ҳҿаԥхьа иқәгылоу аӡбаразы. Иахьа уажәраанӡа иҟаҵоу шмаҷымгьы, ԥхьаҟа аус здаҳулаша рацәоуп». Аректор инарҭбааны дрыхцәажәеит ҳбызшәа зҭысхьоу аамҭа хьанҭақәа, иҳәеит аҵараиурҭа аҟны абызшәа аҿиаразы ишаарту акафедрақәа, азанааҭқәа зегьы рыҟны ишаарту аԥсуа секторқәа, ишаԥҵоу аԥсуа ҟәшақәа, ԥсышәала апрограммақәа, арҵага шәҟәқәа, ажәарқәа, ишаԥҵаз Алингвистикеи аинформациатә технологиақәеи р-Центр. Абри Ацентр ауп иахьагьы афорум еиҿызкааз ҳәа азгәеиҭеит ААУ аректор, академик Алеко Гәарамиа. Аректор, имҩахыҵыз иҭабуп ҳәа раҳәауа, иазгәеиҭеит аҵараиурҭахь иааиз зегьы рзы ауниверситет хәышҭаараны ишыҟоу.

Анаҩс ажәа игеит Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниа. Аҳәынҭқарра Ахада иқәгылараҿы иазгәеиҭеит: «Иахьа шәызлацәажәо азҵаара ҳажәлари, аҧсуа ҳәынҭқарреи рзы ихадоу азҵаарақәа ируакыуп. Ирҳәоит, ажәлар ыҟоуп ҳәа зхатәы бызшәа зҳәо дыҟанаҵы. Сара абри иацысҵар сҭахыуп даҽакгьы - аҧсуа ҳәынҭқарра ыҟазаауеит аҧсуаа аҧсышәала ицәажәонаҵы, ҳҳәынҭқарра аҧсшәа цәа аханаҵы. Сара агәра ганы сыҟоуп ус наунагӡа ишыҟало, аха уи азы иҟаҵатәу даара ирацәоуп. Ари аус азы рылшарақәа еибырҭароуп аҳәынҭқарра анапхгара, аҵарауаа, аҵарааӡара знапы алакыу, аҭаацәа. Ари зыӡбара уаҵәахьы иахыгатәу усӡам. Абри аус аҟны зегь раҧхьа иргыланы иаҳҭахыуп шәара аҵарауаа шәыцхыраара. Ҳаицазхәыцып абызшәа аҵара аҿар радыҧхьаларазы иҟаҵатәу, мҩақәас иалхтәу, аҵара асистема ахьырмариатәу, иахьырҕәҕәатәу. Хамҧада Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет аҿы Алингвистикеи аинформациатә технологиақәа р-Центр аусзуҩцәа еиҿыркааз иахьатәи Афорумгьы убри азҵаара ауп изызкыу. Ишәзеиҕьасшьоит қәҿиарала аусура, аманшәалара!» - иҳәеит Ахада.

 Алингвистикатә форум аҿы алагалажәа ҟалҵеит афилол. ҭҵ. рд., апрофессор, ААУ Алингвистикеи аинформациатә технологиақәеи р-Центр анапхгаҩы, ААУ аҭҵаарадырра аҟәша апроректор Џьулетта Адлеиба:

        ҲАҬЫР ЗҚӘУ АҦСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРА АХАДА,

        ҲАҬЫР ЗҚӘУ АҦСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРАТӘ УНИВЕРСИТЕТ АРЕКТОР,

        ҲАҬЫР ЗҚӘУ ҲКОЛЛЕГАЦӘА, ҲАИЗАРА ДУ ИАЛАХӘУ, ИАЗЫӠЫРҨУА!

         Иахьа ҳазлацәажәараны ҳаҟоу – ҳбызшәа, ҳаҧсуа бызшәа ауп, иахьазы хымҧада иӡбатәны иаҳзышьҭоу, даара актуалра зҵоу, зымыӡбара азин ҳамам азҵаарақәа роуп.

        Аҧсҭазааараҿы ус иҟоуп, иахьеи-уахеи иааиҧмырҟьаӡакәа иӡбалатәу азҵаарақәа ауаҩы данырхаргалалакь (урҭгьы умыӡбар ҟалом, ҳәарада), крызҵазкуа, ажәлар етноск аҳасабала рхеиқәырхара змадоу апроблемақәа (хаха аибашьра акәымкәа, абжьааҧнытәи аҭагылазаашьақәа раан) ушьҭан, уаҵәы, ҧыҭрак ашьҭахь, ҳанеиқәшәалакь, ҳаназыманшәалахалакь иҳаӡбаргьы амуеи ҳәа ушгәыӷуа, иумбаӡакәа иаармарианы зыӡбара иацы иалшоз, иахьа еиҳа иуадаҩхо, уаҵәы зынӡа ӡбашьа рмоуа ианыҟало. Рыӡбара уадаҩхоит абжьааҧны зынӡа хьаас иыумкыша, инамҩатәны иыуӡбаша азҵаара ссақәагьы. Баша ирҳәомызт, нас, адырцәа «Аамҭеи аҭыҧи» ҳәа. Ианаамҭоу иузыҟамҵаз хыҧҽыгаханы иуҧылар ауеит.

       Ишдыру еиҧш, алингвистика еихшоит абас: аҭҵаарадырра лингвистика (атеориа азҵаарақәа);

ахархәара лингвистика (теориала иҭҵаау аҧсҭазаараҿы ахархәашьа амҩақәа рылхра), ари ахырхарҭа аҳәынҭқарра абызшәазы имҩаҧнаго аполитика ҵәа шьаҟаны иазыҟоуп; апрактика лингвистика (теориала иҭҵаау, зхархәашьа мҩақәа ылхыу аматериал апрактикаҿы аус шауа гәаҭаны ҧышәаны аларҵәара); експериментла иҧышәоу абызшәа аматериал (атекстқәа, ажәаҳәа конструкциақәа уҳәа) ҭызҵаауа алингвистика ахәҭа (аемпириа лингвистика ҳәа изышьҭоу).

       Аҧсуа лингвистика аҭҵаарадырра аганахьала аҩаӡара даҽа милаҭк ахаҭарнакцәа русура алҵшәақәа ирылаҩашьо, имаҷушьо акәымкәа, гәадурала уахцәажәартә иҟоуп, ҳаҭҵааҩцәа ирылдыршаз акырӡа ирацәоуп, ҳ-Аҧсны хәҭа ҷыданы излахәыз Атәыла ду ари аганахьала аҧсуаа иаҳнаҭаз алшара хәы змам акоуп: еиҵаанаӡеит иахьа ҳаибаркны ҳазмоу ҳаҭҵааҩцәа дуқәа, даргьы еиҵарааӡеит рдырра змардаз абиҧарақәа. Ари ҭоурыхлагьы, ҧеиҧшмҩангарак аҳасабалагьы амилаҭ хдырра иашьагәыҭу мҩа дууп.

         Иахьа ҳазлацәажәо – ҷыдала ахархәара лингвистикаҿы, анаҩс апрактикаҿы абызшәа ахархәарази аларҵәарази иҳамоу апроблемақәа роуп.

         Иҳамои ара ҧхьаҟа узмышьҭуа ҧынгылақәаны?

      Урҭ еихшаны ирыхәаҧштәуп.

      Иҟоуп атеориа иахьыҧшу, ҵакыла (аклассика ҭҵаарадырра ду аганахьала уазнеиуазар), жәаҳәарада логикала иеибаркыу, ирҵабыргу азнеишьақәа. Сызҿу – аҧсуа графика аабыкьа иалагалахаз анбан ҿыцқәа (ГӘ, ҚӘ, КӘ, ӶӘ, ХӘ, ҞӘ) рыӡбахә ауп. Абызшәазы аҭҵаарадырра излаҳәо ала, ари – логикала аҵаҵӷәы змоу акоуп, азнеишьагьы ырҵабыргуп теориала, ахархәара змоу ҳаҧсуа графика иамаз агха ханарҭәааит, хымҧада. Иахьа шьҭа уи лымкаала инарҭбааны алацәажәара иаамҭам, иаҭыҧым, аха атәы ҳамҳәаргьы ауӡом. Иҟоуп, ишыжәдыруа еиҧш, хшыҩзышьҭра зумҭар амуа даҽа знеишьакгьы: анс-арс акәны иҭышәынтәалахьоу аграфикақәа шьаҭанкыла рыҧсахра (уи аҩыза аметаморфоза шьапҿаршәқәа ҳара аҧсуаа қәашьс (лахьынҵас) иҳаухьан изныкымкәа-иҩынтәымкәа), мамзаргьы хәҭакала рыҧсахра - ари ианакәызаалакгьы чмазараны иахнагоит абызшәа, абызшәа ахархәаҩцәагьы ихыҧҽыганы ирзыҟалоит. Ари аганахьала ҳахәаҧшуазар, иҳамои иахьа апрактикаҿы?  Иахьазы ари ачымазара, ишцацҵәҟьа имцозаргьы, аҧсуа хархәаҩцәа рырымӡаа лыҧхала ирхыргеит узҳәаӡом: шәахәаҧш, абар ахархәаҩцәа рӷьырак рҩышьа шеицакхаз (ас изыҩуа абызшәа рацәак знапы алакым рымацарагьы ракәӡам, арҵаҩцәагьы, аҵарауаагьы, ҳинтеллигенциа иаҵанакуагьы аӡәырҩы абас агха рыхьуеит, нас иаҳҳәараны иҟоу арбану). Ари, еиҭасҳәахуеит, амалахазгьы иаанагаӡом, изхәыцыз агха рыхьит ҳәа: ари иаанаго – атеориа алогикеи апрактика азакәанқәеи маҷк иаҳцәеилаҩашьазар ҟалап ауп. Ус иҟалеит. Ганкахьала, ҳаигәырӷьалароуп ҳара аҧсуаа ас иҵауланы ихәыцуа аҵарауаа дуқәа ахьҳамоу, уи Анцәа Ду иџьшьоуп!

      Иаҳхараны иҟоу:

абри аналагалахах, ахархәашьа ырмарианы ахархәаҩцәа реилыркаара зуалыз акгьы рзаҧшьымгеит ауп, иаҳҳәап, зегьы реиҳа имариаӡоу асхьема: 6-нбанк, 6-шьҭыбжьык, 6-ажәак, 6-ҳәоук згәылаз, ҧаса ишаҳаҩуази уажәи реиҧшымра зныҧшуаз аҿырҧшыга-амодель азхәыцны иахьеи-уахеи ауаҩы ила ихгыло, ибо-иаҳауа аҟаҵара аамҭа ҷыдакгьы аҭахымызт, иара убас даҽа уззымиааира ресурскгьы (ателехәаҧшраҿы, аусбарҭақәа, ашколқәа рҿы уҳәа зехьынџьара, адҩылақәа рзааркӡа, агәаларшәага кьаҿқәа ахархәара рыҭазҭгьы). Абас, ма абри иашьашәалоу аиҿкаара ус мариаӡақәа ахьыҟамлаз иахҟьеит иахьа уҧсы зырмаҷуа агха бааҧсқәа рыҟаҵара, аҩышьа формақәа реилартатара. Иахьазы ахьӡқәаҵәҟьагьы иакәымла ииашамкәа ианаҳаҩуа рацәоуп (Гәыдиса, Гәудиса, Гәрам, Гәурам, Гәуырам, агәуы, аәы, агәу – аҧхьарагьы уадаҩуп…).

    Имариаӡоу амодель аҿырҧштәы:

ГУ = ГӘ

аГУ = аГӘ(ы)

аГУра зго = аГӘра зго

ҚУ = ҚӘ

аҚУра = аҚӘра

аҚУра змоу = аҚӘра змоу

КУ = КӘ

аКУара = аКӘара

аКУара арра = аКӘара арра

ӶУ = ӶӘ

аӶУ = аӶӘ(ы)

аӶУӶУа = аӶӘӶӘа

ХУ = ХӘ

аХУ = аХӘ(ы)

аХУра = аХӘра

ҞУ = ҞӘ

аҞУара = аҞӘара

аҞУара ааиГУара = аҞӘара ааиГӘара

       Ари – иреиӷьу модельмзаргьы ауеит, ҿырҧшык иаҩызоуп, аметодика аус знапы ианыу хкы-хкыла иҵегь амодель маншәалақәа ирызхәыцыр акәын.

        Ахархәара лингвистика иамахәҭа дуӡӡоуп, ишыжәдыруа, абызшәа арҵара аметодика.

Абраҟагьы ицәырҵуеит адилемма.

       Дырҩегь гәахәара дула, угәы еизҳаны узыхцәажәаша акәны иҟоуп – ари лымкаала сара рефренҵас еиҭасҳәахуеит - ҳбызшәадырра аҳаракыра, аҵаулара, ахаҭарнакцәа дуқәа рыӡбахә. Урҭ ирылшоз зегьы ҟарҵон иахьа уажәраанӡа ҳбызшәа аҭҵааразы, аӡәы иҵамхеит. Ҳҵарауаа рус мҩаҧыргон, уи иаҿуп иахьагьы.

Абра ицәырҵуеит аметодика азҵаара: арҵареи аметодикеи рус аиҵхара уалны изду, аҳәынҭқарра ауалафахәы абриазы иззылбаанашьҭуа аусбарҭақәа русура алҵшәақәа апрактикаҿы ахархәара аиыуроуп, ари – аксиомоуп. Ииашоуп, ара, перманентно ҳәа шырҳәо еиҧш, уажәы-уажәы ицәырымҵыр рулаӡом макьана цқьа иҭышәынтәалам амоментқәа, абызшәа ахархәараҿы зны-зынла атеориа иаҿагылома ҳәа ззуҳәар ауа азҵаарақәагьы, уиазы еснагь иалшоит, иагьахәҭоуп ахеилакра, атеоретикцәеи, аметодистцәеи, апрактикцәеи злахәу.

Иахьазы хьысҳараны иҟоу рахьтә зегь реиҳа ихадароу – аҭҵаарадырраҿы иҟоу аҧҟарақәа кьыс рымҭакәа, ирмарианы акәӡамкәа, аҵаҩы имырхьаакәа еиликааратәы акәымкәа, иҭызҵааз ҧҟараны ишаҧиҵаз имырҵысӡакәа арҵара апроцесс ианалагалахо рацәоуп, аҭҵааҩы дуи аҵаҩы хәыҷи рымчи реилкаашьеи еиҟароушәа. Ари арҵара апроцесс бжьнахуеит, игәыҧҵәаганатәуеит, изҵарц зҭахыу игәы ахнаршәоит, еиҳа изымариоу даҽа бызшәак дазхьанарҧшуеит (абызшәақәа шаҟа удыруа аҟара убеиоуп, ҳәарада, аха збызшәа згәы ахшәаз, ма иахдыршәаз ауаҩы иаҟара ихьысҳау дабаҟоу!). Иара аметодика ахаҭагьы ахаан зҽызымҧсахуа акы акәны иҟаӡам, егьа ибзиаӡазаргьы, аамҭа-аамҭала еиҭахәаҧшлатәуп, аелемент ҿыцқәа алагалалатәуп.

        Ҷыдала исҳәар сҭахыуп дырҩегь: ҳара иҳамоуп аметодика знапы алакыу аҟаза дуқәа, збызшәазы згәы былуа, иара убас уалны иусурҭаҿы уи усс издым, аха аус адызулогьы. Ара рыцҳарас иҟалаз – уалны издугьы издымгьы ируа руысхкқәа еимадаӡам. Ас аҟазацәа рресурсқәа рызнеира абзиарахь укылызго акакәны иҟам. Ҷыдала ари аусхкы аӡбара зуалу аинститутгьы ҳамоуп, аха иахьазы зыӡбара анасҭхара ҧсхыхрак иаҩызоу азҵаарақәа гәыгәҭажьхазшәа иҟалеит. Ииашоуп, иҟазароуп шықәсы рацәала инаугӡалаша апроект дуқәа, аха иҟоуп иахьеи-уахеи зыӡбареи зынагӡареи аҳәынҭқарра иуыднаҵаз азҵаарақәа, урҭ наҟ иҧхьаҳәҳәаны ҷыдала аресурсқәа зҭахыу аусхкқәа рынагӡаразы аҳәынҭқарра ашәхымс ахгылара ииашам усуп.

       Аметодика азҵаарақәа ирымадоуп атерминологиа азҵаатәгьы. Абраҟагьы иҳамоуп апроблемақәа маҷымкәа.

       Абызшәа апотенциал – ҳәаа змам мшынуп, уи ҳара ҳаҧсуа бызшәазы ирҳәазшәоуп ишыҟоу. Идыру усуп, абызшәа аҟәҵәақәа дасу рфункциақәа рымоуп.

       Иҭышәынтәалоу атерминологиа ҳәа ззырҳәо – абызшәаҿы даҽакы иаламҩашьо, аилкаарақәа арымӡаа ҳәаақәҵара рзуны абызшәа аилазаареи апроцессқәеи уеилзыркаауа лексика ҷыдоуп. Абызшәа шаҟа ибеиоу аҟара убриаҟара рымҽхак ҭбаауп иара иагәылоу, терминра (ҳәаақәҵара) зуа ажәақәа ргәыҧ. Ҳбызшәа абеиара, аиласашьа уазхәыцуазар, зны-зынла убас агәаанагара умоулар ауам, шамахамзар иалоу зегьы терминс иҟалар аурышәа. Ара, ҳәарас иаҭахузеи, даара араӡара аҭахыуп: абызшәа апотенциали иара иахьа иалшои иалыршатәуи реиларҩашьара иахьакәӡам укылнагар ауеит. Абриазгьы, иара убас ҳакәша-мыкәша адунеи абызшәақәа рҿы ицо апроцессқәагьы азгәаҭаны, мҩахәасҭак иаҳасабны изызхәыцтәу акоуп уҳәаратәы иҟоуп азеиҧш интернационал терминологиа алексика ҷыдала хшыҩзышьҭра аҭара аҧсуа бызшәа атерминологиа аиқәыршәареи аларҵәареи раан. Лымкаала уажәазы аҿырҧштәқәа рзааҭгылара иаҧсам, акызаҵәык иазгәаҭатәны иуҧхьаӡаша акакәны иҟазар ҳәа уазхәыцыр ауеит азеиҧш интернационал терминологиа инаваргыланы ҳбызшәа алшарақәа зныҧшуа, ҳашнеишнеиуа атерминологиара зылшараны иҟоу ажәақәа ргәыҧ ари еиҧш иҟоу ажәар цхыраагӡа глоссарик аҳасабала агәылагалара (лымкаала ҳамзар иалагалоу ахьӡқәа, апаспорт злаҳаҧсахыз ажәа уҳәа аҿырҧштәқәа ҳхахьы иааганы).

       Абрахь иаҵанакуеит иара убас аҩышьа ҧҟарақәагьы. Иахьа ҳазлацәажәо азҵаатәы инамаданы ртәы умҳәар амуа иҟоуп хра злоу «штрихқәакгьы»: ари – иахьа иара аҭҵаарадырраҿгьы, апублицистикаҿгьы, ҳлитератураҿгьы, уимоу адҩылақәаҵәҟьа рҟынгьы инамыцхәны иаҧсаӡамкәа, иахәҭаӡамкәа суффиксқәак рхархәара ауп. Иаагозар, асуффикс -тә-. Ҳәарада, ари асуффикс иамоуп афункциа ҷыда, уи нанагӡоит, ҳара ианыбжьахуа, ианҳармыцхәуа рацәоуп акәымзар. Ҳаҭҵааҩцәа ари азҵаара иалацәажәахьеит, аҭыҧ азылырххьеит, аха ахархәараҿы урҭ аҧҟарақәа ҳанрықәныҟәо маҷуп. Имарианы изызҳәарыда абри:

            «АҟәаТӘИ аспортТӘ шахматТӘ школ»,

            «АмилаҭТӘ дырганҵараТӘ сахьанҵараТӘ ҟазшьарбага»

            «АмилаҭТӘ туристТӘ еилахәыра»

            «АшәаҳәараТӘ-акәашараТӘ ансамбль»

             «АмилаҭТӘ-хақәиҭраТӘ қәҧараҿы» …,

мамзаргьы иҭышәынтәалахьоу ажәеицааирақәа рыҧсахра («Иахьа ихҳаркәшеит ҳҵаратә шықәса»- «аҵарашықәс» ацынхәрас…,

мамзаргьы иара иашьашәалоу афункциа назыгӡо атәым суффикси иара асуффикс -тә-и еивацаланы ахархәара анраҳҭо: «Идеалтәу аҧҳәыс», «Иактуалтәу азҵаара», «Аексперименталтә-вокалтә ансамбль» …,

 мамзаргьы асуффикс -тә-  ажәа агәылаҵара азеиҧш ҧҟара иалкьуа, традициала иахьаҭахым абас иҟоу ажәеицааирақәа рҿы:  

          АхәшаТӘ шәыга

          АҵараТӘ система

         АбызшәаТӘ политика

         АҭаацәараТӘ ҧышәа

         АрҿиараТӘ гәаҳәара

         АмҩаТӘ машәыр …

уҳәа атәым бызшәа иазыҟазшьоу аформақәа аҧыжәара рыҭара, аҧсшәа иазгәакьақәоу иреиуоу, ажәақәа ҵакыла, ма даҽакала реидҳәалашьа аформа ҧшӡақәа иҳамоу рцынхәрас.

  

       Иҟоуп иҵегь имариаӡоушәа иубо, избанзар урҭ рыӡбара баҩ алаӡам, ухахьы иааганы иурҽеир уҭахызар. Иаҳҳәап: иаҭахыума «и» ажәақәак раҧхьа аҩра, ма ажәа аҵыхәаҿы «о» акәу, «оу» акәу иҩтәу (ҿырҧштәқәак рыда салалом – иаҳҳәап:

    «Алхас Иеиҧш» - «ласбак -еиҧш»

 ма:

    «итәО»-«итәОУ»

    «сцО»-«сцОУ»

    «иҳарҭО»-«иҳарҭОУ» уҳәа)

ара аҧҟарақәа ртәы сҳәом, уи атәы ҳбызшәадырҩцәа ирҳәахьеит, апрактикаҿы иҳазмырҽеит, иааҳаҭәоумшьартәгьы ҳацраланы, нас, зегь дара роуп, агха ҟаҵаны ҳхы иаҳархәоит лымкаала аҭҵаара иалахәқәамыз умҳәозар. Араҟагьы проблема дук ыҟаӡам абызшәа ҧсабарала изныруа изы, аҩ-зҵаарак рзы изыхәҭоу ируалын шаблонҵас лабҿаба узҿыҧшыша амодельқәа азхәыцны ахархәаҩцәа рыларҵәара.

         Махәҭа дууп иара убас ҷыдала апрактикаҿы алингвистика материал ахархәара, аиҭагара, аредакциа хкы-хкыла аҟаҵара, акорректура уҳәа аҳәынҭқарра аҧсҭазаараҿы зыда ҧсыхәа ыҟам аусхкқәа. Даара рымаршәа кны ирызнеилазароуп ажәаҳәа артәашьа, ацәажәашьа хкқәа. Иахьеи-уахеи иҳаҳауа абызшәеилаҧсара анаҩсангьы, аҧсшәа цқьаны, аҧсуа интонациа аҧсы ахаҵаны шамахамзар игаӡом телехәаҧшралагьы, радиолагьы, абжьықәыӷәӷәара анормақәа,

аҵ-Ара

 иА-ҭахуп… уҳәа реиҧш иҟоу аҧсшәа иацәтәыму аилахәарақәа ҟамҵакәа, ицқьаны иаҳзырҳалараны изыхәҭоу аҧсшәа ахархәаҩцәа, аларҵәаҩцәа, аҧсышәала ажәабжьқәа ҳзеиҭазҳәо рцәажәараан;

зинтонациа мҧсахӡакәа аҧсшәа ианаалаз атәым ажәақәа еицакны рҳәара (“А-интерес” еиҧш иҟоу);

ажәақәа рҿы ҩыџьара-хыџьара абжьықәыӷәӷәара иаҧсамкәа ахархәара, аҳәоу аҿы логикала иахьахәҭоу, ишахәҭоу акәымкәа ишакәым абжьықәыӷәӷәара ахархәара убас иҵегьгьы.

    Аҭыҧ ҷыда ааныркылоит еиуеиҧшым адҩылақәагьы: шамахамзар рлексикагьы, рформагьы (аҳәсаҚӘА, аӡҚӘА…), рҩышьагьы (амҩа еихда…) аҧсшәа ҧсабарала, ма ишьақәтәалахьоу аҩышьа ҧҟара ианаҿагыло.

         Абарҭ азҵаарақәа ирышьашәалоу абызшәа зырхәанчо ахархәашьа еицакрақәа зегьы еимадоуп, ҳбызшәа арҵареи ахархәареи знапы алакыу рымчала шамахамзар зегьы ирызхәыцны ишьҭыхтәуп ацхыраара ҟазҵаша аметодика мариақәа. Еилкаау усуп, ибзиами адунеи аҿы арҭ апроблемақәа шырыӡбо ҳтәыла анҭыҵгьы ҳцаны иҟоу лабҿаба иаабаларгьы, аха збызшәала зацәажәара узыуадаҩу ҭырџьманла, напышьашәала зҳәаз иеиҧш иуеилиркаауа аҵкьыс хәарҭара алоуп иахьа аинформациатә хархәагақәа ирылҳаршаша ацхыраара ду ҳаҩны ҳшыҟоу, зны ҳбызшәа иҳанаҭо алшарақәа, ҳаҭҵааҩцәа иҳаздырхиаз атеориа материал шьҭыхны ҳхатәы модельқәа азхәыцны, еиҿырҧшны иреиӷьқәоу алхны заа ҳхатәы система шьақәыргыланы, нас ҳара ҳбызшәа ззааигәоу, ма изцәыхароу егьырҭ абызшәа системақәа ирымоу аҧышәақәа хшыҩзышьҭра рыҭаны, ҳхы иаҳархәартә ирҿаҳҵааша аелемент ҷыдақәа ралыҧшаарагьы еиҳа иаҳзымариахон.

        Иахьа хымҧада иахәҭаны иҳаҧхьаӡоит абарҭ азҵаарақәеи дара иреиуоу иҵегь апроблемақәеи рыӡбареи, рыӡбашьеи, изыӡбашеи, ианыӡбахашеи, ишыӡбахашеи, иадгылашеи ртәы зныҧшуа ИАКЫУ Аконцепциа системак аҳасабала еиҿкааны, хкы-хкыла иҟаҵатәу аусхкқәа анырҧшны, дасу иуалыу, илшо азгәаҭаны, иеишьашәалоу азҵаарақәа гәыҧ-гәыҧла иеихшаны ишьҭыхны адкылара. Ари, даҽакала иаҳҳәозар, тактика плануп, аха абжьааҧнытәи апланқәа излареиҧшым – абызшәа арҿиареи ахархәареи рыпрограмма ду астратегиа ианрааланы, екстренно ҳәа шырҳәо еиҧш, ҳашәҟәыҩҩы ду Ал. Н. Гогәуа иҳәашьала “Иахәалакь, иахәалакь!” зегьы адгаланы, иахьазы, даҽакала акәымкәа, “еиқәырхага цҳаны”, иаци-иахьеи-уаҵәи рзы иеимадаганы, ушьҭан иаҳзымыӡбартә ҳаилазхәаша азҵаарақәа рҭыҧ иқәҵаны, анаҩс иӡбатәқәоугьы ианраамҭоу иҳаӡбалартә аҭагылазаашьақәа рырманшәалара иазкыуп.

       Ахархәара лингвистика аганахьала азҵаара ссақәа ҳәа ззуҳәаша, аха ҳбызшәа зхәыруа акыр ыҟоуп иахьа ҳаҧсшәаҿы. Абарҭ рҭыҧ иқәҵатәуп хымҧада. Ара уаҩы изымыӡбо, ма ихырҵәагоу усӡам иҟоу, амала иаҭахыуп ҩ-напыкла аусеицура, иҟоуп аамҭа кьаҿӡак иалагӡаны иӡбахара, иҟоуп еиҳа аамҭа зқәыӡра, иҟоуп иааиуа ҩба-хҧа шықәса рыла узиааира – ҧсымышьҭыга ҳасабла абри аетап ҳаицаиааироуп. Иҟоуп еилкаарак “контрапункт” ҳәа. Абри аҟазшьоуп иамоу, ганкахьала, иахьа ҳбызшәа ахархәашьаҿы ишьақәгылаз аҭагылазаашьа. “Аҧсымышьҭыга” ҳәа сызҿу ҳбызшәа ахархәаразы “еиқәырхага рахәыцны” иҟоу ауп.

       Ас зыӡбара акыр еиҳа имариоушәа иубо азҵаатәқәа инарываргыланы иахьа ҳаамҭа ицәырнагеит азҵаатә дуқәагьы, уи - аинформациатә технологиақәа рыбзоурала аимадашьа, акоммуникациа формақәа роуп (“информационно-технологически опосредованные коммуникации” ҳәа изышьҭоу), абызшәа ахдырра ҿыц цәырызгаз, еиҳа-еиҳа зымҽхак зырҭбаауа, алингвистика амахәҭа ҿыц ду шьаҭас иазыҟалаз. Ари алингвистика амахәҭа ҿыц ахаҭагьы иерархиа ҳасабла махәҭа-махәҭала иеиласоуп, иахьа абызшәа ахархәаҩ зыда ҧсыхәа имам хырхарҭа дууп, ахархәаратә лингвистика иузаҟәымҭхо иадҳәалоуп. Ари аформа абызшәа еиуеиҧшым аҟәшақәа иргәылалеит, аҭҵаара, арҵара, ааӡара, ахархәара, абызшәа аиқәырхара, аларҵәара апроцессқәа ирымадахеит.

Ари – зҵаара дууп еиҳараӡак зхархәара ареал дуум абызшәа аиқәырхараҿы, интернетла адагьы, усгьы зхархәара ареал адунеи аҿы акыр иҭбаау, доминантра зуа абызшәақәа ирыҵамӡырц азы. Ҳара ҳзы, абри адагьы, ҳбызшәа зехьынџьарантә иаҳбо-иҳаҳауа, ҳанамыҧхьогьы, ҳхаҭа ианаҳамҳәо аамҭазгьы зегьы ҳлымҳа иҭаҩуа аҟаҵара – еиқәырхага мҩаны иҟоуп.

        Иҟам ҳәа узҳәом иахьазы аҧсшәа ахархәара, аларҵәара иазкыу аҧшьгарақәа, аха урҭ русура еимадаӡам, аӡәы дызҿу аӡәы издырӡом. Иаҳҳәозар,

Аҧсны аҳәынҭқарратә университет аҭҵаарадырра аҟәша аинициативала аабыкьа еиҿаҳкааит АЛИНГВИСТИКЕИ АИНФОРМАЦИАТӘ ХАРХӘАГАҚӘЕИ р-Центр. Ари Ацентр хықәкы хадас иамоуп аҧсуа бызшәа арҿиареи, ахархәареи, Аҧсны Аҳәынҭқарра аусбарҭақәа зегьы рҿы аҧсшәа аларҵәареи аҧсуа бызшәа, Аҧсны Аконституциа ишаҳәо еиҧш, ҳәынҭқарратә бызшәаны излаҟоу инақәыршәаны. Иаҳҳәар ҳалшоит “пилот” программак аҳасабала модельк иаҩызоуп ҳәа, иара иаӡбо азҵаарақәа ирышьашәалоу рыӡбара зылшо аҵарауаа, аметодика знапы алакыу, арҵара апроцесс иазҿлымҳау зегьы русеицура азыҧхьагәанаҭоит.

      Ацентр аструктуреи ахықәки ртәы анаҩс иаазыркьаҿны иаҳҳәап, уажәазы иазгәаҭатәу, иара аусураҿы планла иарбоу апроектқәеи, иахьа ҳаззыӡырҩраны ҳаҟоу ҳколлегацәа иҟарҵараны иҟоу ажәалагалақәеи, иҳадыргало апроектқәеи зегьы хшыҩзышьҭра рзуны системак аҳасабала еиднакылап ҳәа агәыӷра ҳамоуп иахьа ишьҭаҳхраны иҟоу Иакыу Аконцепциа.

Аконцепциа еиднакылароуп иара убас аринахысгьы еицҿакны ҳбызшәазы хымҧада инагӡатәны иазгәаҳҭараны иҟоу аусхкқәа.

     Иҭабуп даараӡа!

 Уажәы иалхтәуп ҳусура зырманшәалаша амаӡаныҟәгаҩцәа ргәыҧ. Ажәалагала ҳамоуп: аҭҵааҩцәа ҿарацәа 3-ҩык ргәыҧ ҳазхап (Габниа Дифа, Џьениа Линда – аҧсуа лит. акафедра аусзуҩцәа,  Сақаниа Риҵа – аҧсуа б. акафедра аусзуҩы,

шәақәшаҳаҭзар.

Ҳколлегацәа, шәҭыҧқәа аанышәкыл.

       Иалхтәуп иара убас акомиссиа, Иакыу Аконцепциа Апроект иҳамоу иахьа иҟаҵахо ажәалагалақәа аус рыдуланы ихазырҭәааша.  9-ҩык азхап?

Абриазгьы иҳамоуп ажәалагала:

   Ацентр аусзуҩцәа

    апроф. Касланӡиа Алексеи Махаз-иҧа

  апроф. Ажьиба Альдона Шота-иҧҳа

   апроф.Ӡиӡариа Оҭар Платон-иҧа

   адоц.Аџьынџьал Диана Серапион-иҧҳа

   адоц.Хагәышь Баҭал Антип-иҧа

  апроф. Ҳагба Лили Риза-иҧҳа.

Шәақәшаҳаҭзар.

   Акомиссиа иалоу шәахь аҳәара ду ҟаҳҵоит  иахьа иқәгыло ражәахәқәа шәырзыӡырҩырц, хра зланы иҳабжьарго анышәҵаларазы.

    Ҳаҭыр зқәу ҳаизара иалахәу, ҳусурахь ҳаиасуеит.

Ажәахәқәа ҟарҵараны ҳфорум апрограмма иарбоуп 20-ҩык. Иҟоуп ҩыџьа-хҩы иахьа изымаазгьы. Арегламент – 10 мин иреиҳамхароуп, иахьа уалны иҳаду агәалақәеи ахьаақәеи реибыҳәара акәӡам, иҟаҵатәу азы амҩақәа рылхроуп. Абриазы даара аҳәара ҟаҳҵоит: арегламент ҳаҽҭаҳагӡап, ҳажәа рмаҷны иҟаҵатәу еибыҳәаны ишьҭаҳхып, ҳус ҳарманшәалап, иаҳҭааз раҳаҭыр аабап.







АҦСУА БЫЗШӘА АИҚӘЫРХАРАЗЫ, АРҾИАРАЗЫ, АҦСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРА аусбарҭақәа ирыларҵәаны АХАРХӘАРАЗЫ [2021-2023 шш.] ИАКЫУ АКОНЦЕПЦИА (АПРОЕКТ).

 [АКОНЦЕПЦИА ӡбаны ишьҭыхуп АЗЕИҦШМИЛАҬ ЛИНГВИСТИКАТӘ ФОРУМ аҿы ААУ ииун мза 10, 2021 ш., ашьақәырӷәӷәаразы ирзышьҭхоит АҦСНЫ АПРЕЗИДЕНТ, АҦСНЫ АИҲАБЫРА, АҦСНЫ ЖӘЛАР РЕИЗАРА иалахәу].

        ИАКЫУ АКОНЦЕПЦИА системала еиднакылоит АҦСУА БЫЗШӘА, Аҧсны Аҳәынҭқарра Аконституциа ишаҳәо еиҧш, ҳәынҭқарратә бызшәаны излаҟоу ала, афункциақәа инхарҭәааны инанагӡаларазы ҳазҭагылоу аамҭазы хымҧада имҩаҧгатәу аусхкқәа. АКОНЦЕПЦИА аҧсуа бызшәа арҿиаразы Аҳәынҭқарратә программа аҳәаақәа ирҭагӡоуп, қәкысгьы иамоуп аҧсуа етнос аиқәырхаразы ихадараӡаны иҟоу аҧсуа бызшәа аиқәырхара, арҿиара, Аҧсны аусбарҭақәа ирыларҵәаны ахархәара амҩақәа рылхра.

АКОНЦЕПЦИА АХЫҚӘКИ АҲАСАБТӘҚӘЕИ

АКОНЦЕПЦИА АХЫҚӘКЫ – аҧсуа бызшәа хьысҳамхарц, аҳәынҭқарратә бызшәа аҳасабала афункциақәа ацәымӡырц иара арҿиареи аларҵәареи рзы аҭагылазаашьақәа раҧҵара.

 АКОНЦЕПЦИА иӡбатәны иқәнаргыло анагӡаразы иаҭахны иҟоу:

 

- Аҧсны Аҳәынҭқарра Апрезидент, Аҧсны Аиҳабыра, Жәлар Реизара иалахәу, егьырҭ аҳәынҭқарратә усбарҭақәа рнапхгаҩцәа еицҿакны аҧсуа бызшәа ахархәара аус рахаҵгылара абызшәа аҳра ахьауа зехьынџьара – аетнокультура азҵаарақәа рыӡбараҿы, амилаҭ ахьықәынхо, ирыҧсадгьылу Аҧсны ахьынӡанаӡааӡо;

 

- аҭҵаарадырра, арҵара, акультура знапы алакыу аусбарҭақәа, амасса дырраҭара знапы ианыу, акоммерциа иаҿугьы, иаҿымгьы аиҿкаарақәа зегьы абызшәа аиқәырхаразы, арҿиаразы, ахархәара арҭбааразы руысеицура, руысхкқәа реимадара;

 

- аҧсуа бызшәа иеиҵагыло аҿар асоциал ҧсҭазаара активла ралархәра, ралагалара иамыруганы аҟаҵара, рхатәы бызшәа қәнагала ицқьаны аҵара рҭаххаразы аҭагылазаашьақәа реиқәыршәара;

 

- Иакыу Акоординациатә Центр аҧҵара арҵареи, аҭҵаареи, акультуреи, амассатә дырраҭареи ирызҟазоу алархәны АКОНЦЕПЦИА ахырхарҭа хадақәа рҭагылазаашьа зеиҧшроу азгәаҭаны рымҩаҧгашьа ахылаҧшразы;

 

- аҧсуа бызшәа афункциақәа рырҭбаара (арадиотелекоммуникациатә ҳақәа рхархәара анаҩсан, егьырҭ аинформациатә хархәагақәагьы назлоу);

 

- абызшәа арҵара иазырхоу арҵага массив ҭҵаарадырра-методикала аус адулара; иахьатәи аамҭа ианаало, иақәшәо арҵага-методикатә массив ҿыц аҧҵара аҧсуа бызшәазы, шьҭа зыда ҧсыхәа ыҟам, зыда арҵара апроцесс хьысҳау аинформациатә хархәагақәа релементқәа хымҧада ишахәҭоу иалагаланы;

 

- аинформациатә хархәагақәа зҿлымҳара ҷыдала реихаҳара.

 

        АҦЫЖӘАРА зыҭатәу ахырхарҭақәа аҧсуа бызшәа аиқәырхаразы, арҿиаразы, инарҭбааны ахархәаразы (аларҵәаразы)

АҬҴААРАДЫРРА асфераҿы:

 

- аҭҵаара знапы алакыу акадрқәа рыдгылара, рыцхраара, аҭҵаара амҩаҧгаразы аҭагылазаашьақәа реиӷьтәра, финансла реиқәыршәара, реиҵамырхара, аҭҵаареи арҵареи ирызкыу аматериалқәа рҭыжьра аиҵхараҿы финансла ацхыраара;

 

- аҭҵаарадырра-рҵара цикл иаҵанакуа апроектқәа финансла рыдгылара аҧсуа бызшәа аҭҵаареи, аиқәырхареи, ахархәареи, аларҵәареи аус аҿы;

 

- ҳазҭагылоу аамҭазы аҧсуа бызшәа аҟазшьа аҭҵаара қәкыс измоу аҭҵаарадырратә експедициақәа рымҩаҧгара иазкыу апроектқәа Аҧсны иахьаҵанакуа, иара убас Мрагылара Ааигәа атәылақәа ирыланхо аҧсуаа ретноспецифика, раккультурациа аспектқәа рыҭҵаара иазкыу апроектқәа финансла реиқәыршәара;

 

- еиуеиҧшым ажәарқәеи арцәажәагақәеи раҧҵара аҧсшәа здыруеи изҵарц зҭахыу, аха иззымдыруеи рзы уҳәа уб.иҵ.

 

АРҴАРА асфераҿы:

 

- ҵакылеи формалеи иеихылҿиаауа ахәҭақәа рыла ишьақәгылоу иакыу аҧсуа бызшәа аметодикатә система аҧҵара ҳаракырала еиуеиҧшым арҵара аусбарҭақәа рзы; ахархәара змоу аметодикатә материал аиҭахәаҧшра (амониторинг), аиӷьтәра, зегь раҧхьа иргыланы – атеориа ахәҭа армариара иззырхоу, қәрала иеиҟарам аҵаҩцәа ргәыҧқәа еиӷьны агәынкылара рылшаразы; апрактика ҟазшьа змоу арҵага материал аиҭахәаҧшра, иахьаҭахыу арҿыцра, аҧсахра, иахьаҭахыу адаптациа азура, атеориа иаҵанакуа аматериал агәынкылара ырмарианы методика ҿыцла аиқәыршәара;

 

- зыҧсадгьыл ахь игьежьыз, игьежьраны иҟоу арепатриантцәа рзы, мрагыларааигәатәи аҧсуа диаспорақәа рзы, иара убас аҧсшәа здырырц зҭахыу рзы аҧсуа бызшәа арҵаразы аҭагылазаашьақәа раҧҵара;

 

- аҧсуа бызшәа арҵара знапы алакыу арҵаҩцәа ркадрқәа разыҟаҵашьа асистема аиӷьтәра;

 

- арҵара аусҳәарҭақәа русзуҩцәа-арҵаҩцәа аусура ргәы азыҳәо иҟаларазы аҭагылазаашьақәа реиӷьтәра;

 

- аҧсуа бызшәа аларҵәаразы апропаганда аус арҭбаара, аҿаргьы иахьынӡазалшо абри апроцесс ралархәра уб.иҵ.

  

АМАССА-ИНФОРМАЦИАТӘ ХАРХӘАГАҚӘА рысфераҿы:

 

- абызшәа иазкыу, аҭҵаарадырра иазкыу аҧсышәала ателе- радиодырраҭарақәа ррубрикақәа рырҭбаара;

 

- аҧсуа культуреи, аҟазареи, ааӡареи ирызкыу аҧсышәала атематикатә дырраҭарақәа реизырҳара уҳәа уб.иҵ.

 

 

АИНФОРМАЦИАТӘ ХАРХӘАГАҚӘА рысфераҿы:

 

- аинформациа-технологиатә ҭҵаараусхкқәа реиҵхара, рырманшәалара;

 

- атехнологиа ҿыцқәа арҵара апроцесс ралагалара;

 

- аҧсышәала еиуеиҧшым (арҵара, аҭҵаара, аимадара апроцессқәа ирызкыу) асаитқәа раҧҵара,

«Интернет» аҳа ралагалара уҳәа уб.иҵ.

 

АКОНЦЕПЦИА АНАГӠАШЬА АМҨАҚӘА

 

       АКОНЦЕПЦИА иаҵанакуа аҧсуа бызшәа аиқәырхара, арҿиара, ахархәара аусхкқәа рынагӡаразы иаҭахны иҟоуп акомплекс планқәа, ихадароу аусмҩаҧгатәқәа рбаза реиқәыршәара, ианымҩаҧгахо, ианынагӡахо арыцхәқәа етап-етапла еихшаны иарбаны, анагӡареи финансла аиқәыршәареи зуалыу азгәаҭаны.

       Ҳазҭагылоу аамҭазы иумбар залшом Аҧсны аҧсуа бызшәа иазкны аполитика амҩаҧгара даараӡа ишхьысҳау, уи иаанагогьы акоуп – аҳәынҭқарратә бызшәа аҳасабала аҧсуа бызшәа афункциа ацәыӡра иаҿуп, идыруп ари иалҵшәахо рҽеиша змам аҭагылазаашьақәагьы.

 

1. Акырӡа зҵазкуа усхкны иҳаҧхьаӡоит аҧсшәа аиқәырхаразы АБЫЗШӘА АПОЛИТИКАЗЫ аҳәынҭқарратә махәҭа архынҳәра, аринахыс иахьӡзаалакгьы, хықәкы хадас измоу иахьа аҧсшәа ахархәараҿы иҟоу апроблемақәа системала рыӡбара, иӡбатәу алыҧшааны, апроектқәа еидкыланы, изыӡбо, ианыӡбахо, ишыӡбахаша, финансла аиқәыршәара уҳәа комплексла абарҭ еимадоу азҵаарақәа ҳәынҭқарратә знеишьала напхгара рызҭалаша. Уи амахәҭа аҩнуҵҟа иара иацхыраагӡаны Акоординациатә центр аҧҵара.

2. Ахырхарҭақәа зегьы азгәаҭаны азҵаарақәа рыӡбаразы, рыӡбашьа амҩақәа рылхразы иаарласӡаны еиуеиҧшым аусура комиссиақәа раҧҵара.

3. Аҳәынҭқарра абызшәа аус ҷыдала иахылаҧшны финансла ацхыраара аиҵхара.

 

Ҷыдала иазгәаҭатәу:

 

       Еиларҩашьалатәым аҧсуа бызшәа арҵареи, аҭҵаареи, аиҵхареи знапы алакыу аусбарҭақәа русзуҩцәа уалны аҳәынҭқарра ирзыҧнаҵәаз аусхкқәа рынагӡареи аҧсуа бызшәа аиқәырхара иазкыу апроект ҷыдақәа рынагӡареи.

     Аҳәынҭқарратә усбарҭақәа русзуҩцәа ируалыу анагӡаразы ирзоужьуп ауалафахәы.

       Иахьа аҧсуа бызшәа аиқәырхаразы зыда ҧсыхәа ыҟам еиуеиҧшым апроект ҷыдақәа еиқәыршәаны рынагӡара иаҭахыуп уи аӡбара зылшо лымкаала ресурсла, финансла реиқәыршәара.

 

АЦҴА:

1. Аҧсны аҳәынҭқарратә университет АЛИНГВИСТИКЕИ АИНФОРМАЦИАТӘ ХАРХӘАГАҚӘЕИ р-Центр АИҾКААШЬЕИ, АУСУРА АПЛАНИ, АПРОЕКТҚӘЕИ 2021 ш., 2021-2023 шш.

2. Абызшәа асфера знапы алакыу егьырҭ аиҿкаарақәеи афондқәеи русура АПЛАНҚӘЕИ АПРОЕКТҚӘЕИ.

3. Аҭҵаареи арҵареи знапы алакыу аусбарҭақәа ражәалагалақәа.

    

Ахцәажәарақәа рхы аладырхәыит ААУ апедагогика акафедра аиҳабы апроф. А.Касланӡиа, Д.И.Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт адиректор А.Ашәба, афилософиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор И.Ҭарба, абыргцәа р-Хеилак аиҳабы А.Думаа, Д.И.Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт аусзуҩы Ҭ.Џьопуа, атехникатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат А.Чамагәуа, Аҟәа ақалақь Аҵара аусбарҭа аиҳабы А.Ҭаркьыл.