Азҵаара рыҭара



Аинтерактивтә хәмарра

ААУ аекономикатә факультет 3-тәи акурсқәа "Аҳасабырбеи аудити", "Амилаҭҭә економикеи", "Афинансқәеи  акредити"  рхырхарҭақәа рыла аҵара зҵо астудентцәа  имҩаԥыргеит реихшьалатә ԥышәара - "Деловаиа игра" ҳәа хьӡыс измаз аинтерактивтә хәмарра.
Аусмҩаԥгатә еиҿылкааит   ААУ аекономикатә факультет аҳасабырбатә гәаҭара аҟәша аиҳабы Анжела Барцыц.
Аиҿкааратә еилакы хантәаҩра азылуан аекономикатә факультет адекан Ева Озган, ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ  аҳәынҭқарратә напхгареи аменеџьменти ркафедра  аиҳабы Хәыта Гәымба, амаӡаныҟәгаҩ аҳасабырбеи аудити ркафедра аиҳабы Марина Кәыҵниа, иара убасгьы  иалахәын аекономикатә факультет арҵаҩцәа.
Астудентцәа рыхәмарра "Деловаиа игра" аҟны еицлабуан 2-командак "Амазеи групи", "Из поколениа в поколение" ҳәа хьӡыс измаз агәыԥқәа.
Аҩ-командакгьы рықәгылара аҟны ицәырган иаԥырҵаз "анаплакқәа". Ари аиҿкаарақәа рҿы астудентцәа инарыгӡон еиуеиԥшым аҭакԥхықәратә маҵурақәа: адиректор, атехнолог, аиурист, амаркетолог, адегустатор,  абухгалтер, ахимик, анџьныр, агроном, аенолог, ахылаԥшыҩ. Астудентцәа рмаҵурақәа инарықәыршәаны рколлегацәа рҟынтә ирауаз азҵаарақәа рҭак ҟарҵар акәын. Аекономикатә факультет апрофессотә-рҵаҩратә еилазаара астудентцәа ирырҭоз азҵаарақәа рӷьырак ззырхаз еиҳарак  аҳасабеилыргара акәын. Убри аан анаплакқәа рхаҭарнакцәа еилацәажәаны ииашоу аҭак ҟарҵон.
Аусмҩаԥгатә аҟны  идырбан астудентцәа иаԥырҵаз аиҿкаарақәа  рҭоурыхи, русуреи ртәы аазырԥшуаз инарҭбаау авидеороликқәа,  ицәырган рхатәы ԥҵамҭақәа, уахь  иаҵанакуеит аҩқәа рыхьӡқәа.
Арҵаҩцәа ргәаанагарала, астудентцәа ринтерактивтә хәмарра аҟны  аналитикатә еиҩыжьрақәак шыҟазгьы, иааидкыланы иаадырԥшит шықәсыктәи рҵара алыҵшәақәа. Насгьы аҳасабеилыргареи, афинансқәеи, аудити инарҷыданы, арҿиаратә ҟыбаҩгьы.
Аинтерактивтә хәмарра "Деловаиа игра" иалахәыз астудентцәа зегьы  аԥышәара аҟны автоматла ирзықәыргылахоит ахәшьара.