Азҵаара рыҭара



Аԥхьаҩцәа реицлабра

ААУ аҿы имҩаԥган апоет, адраматург, апрозаик, ҳаамҭазтәи аурыс литературатә бызшәа ашьаҭаркҩы Алеқсандр Сергеи-иԥа Пушкин имшира аҳаҭыразы аԥхьаҩцәа реицлабра.

Астудентцәа аицлабра аҳәаақәа ирҭагӡаны ҿырҳәала иаԥхьоит ашәҟәыҩҩы ипрозатә ҩымҭақәа рҟынтә ацыԥҵәахақәа.

Сынтәа ари аусмҩаԥгатә рхы аладырхәит ААУ афилологиатә факультет астудентцәа: Милена Ломиа- 3-тәи акурс, Шьарида Гогәуа- 3-тәи акурс, Альбина Хаџьымба- 1-тәи акурс, Камилла Ҭарба- 1-тәи акурс, Лаура Паразиа- 1-тәи акурс, Сабыд Агрба- 1-тәи акурс.