Азҵаара рыҭара



АЛИНГВИСТИКАТӘ ФОРУМ

2021 ш. ииун 10, аԥшьашаҽны, асааҭ 11:00 рзы АԤСНЫТӘИ АҲӘЫНҬҚАРРАТӘ  УНИВЕРСИТЕТ азал ду аҿы имҩаԥгахоит АЛИНГВИСТИКАТӘ ФОРУМ - АЗЕИԤШМИЛАҬ ЛИНГВИСТИКАТӘ ЕИЗАРА ДУ,  "ИАКЫУ АКОНЦЕПЦИА алхра АԤСУА БЫЗШӘА аиқәырхаразы, арҿиаразы, Аԥсны аҳәынҭқарра аусбарҭақәа рҿы ахархәаразы" апроблема иазкыу.
Афорум  ахь иааԥхьоуп ажәахәқәа ҟазҵо, лымкаала ааԥхьара ззышьҭу, еиуеиԥшым аусбарҭақәа рхаҭарнакцәа, иара убас аԥсшәа згәы азыбылуа зегьы.
Арегистрациа аатуеит асааҭ 10:00 рзы.
Ҳаҭырла,  Аиҿкааратә комитет.