Азҵаара рыҭара



Адоктортә диссертациа ахьчара

ААУ аколлектив идырныҳәалоит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аенергетикатә система акафедра адоцент Расим Аркадии-иԥа Камлиа афизика-математикатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор ҳәа ахьӡ аиуразы идиссертациатә хьчара.

Ахьчара мҩаԥысит Москва лаҵарамза 29 азы, Великобританиатәи аҵарадырра Аҵарауаа рхеилак аофис аҟны.

Лондон иаарту Великобританиатәи аҵарадырра академиа, Урыстәылатәи Афедерациа аҟны инанагӡоит еиуеиԥшым аҭҵаара-рҵаратә программақәа: иреиҳау аквалификациақәа адоктортәи акандидаттәи ҩаӡарақәа риуразы имҩаԥнагоит аҭҵаарадырратә аттестациа, жәларбжьаратәи астандартқәа ирықәшәо адоценти апрофессори рыхьӡ аиура. Академиа аԥҵоуп Еиду Великобританиатәи Аҳәынҭқарреи Аҩадатәи Ирландиеи азакәанԥҵарақәа инарықәыршәаны. Академиа аҟны аспециалистцәеи аҵарауааи рырҵаратә программа мҩаԥысуеит адокторантцәа рыҭҵаарадырра ашьаҭала.