Азҵаара рыҭара



ААУ аҟны имҩаԥысит апародиақәа рыхәылԥаз

ААУ аҟны имҩаԥысит алаф ахәылԥаз.

Уи иалахәын апародиа азҟазацәа Анатоли Лагәлаа, Гәында Сақаниаԥҳа, Гәында Кәыҵниаԥҳа, Алхас Чхамалиа, Адамыр Гәынба.

Аиԥылара аалыртит апоетесса, Д.И. Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа алауреат Гәында Сақаниаԥҳа. 

Лара лықәгылара хацлыркит апародиақәеи аепиграммақәеи рыла.

Анаҩс, апародиақәа злырхыз аҩымҭақәа ирыԥхьеит апоетцәа Анатоли Лагәлаа, Гәында Кәыҵниаԥҳа, Алхас Чхамалиа.

Аиԥылара хирқәшеит Аԥсны акультуреи аҭоурых- культуратә ҭынха ахьчареи рминистрра аспециалист хада Адамыр Гәынба. Адамыр иааирԥшуа аԥсуа ҵарауаа, академикцәа, ауаа адәахьтәи рҭеиҭыԥш адагьы, рыбжьқәагьы уамашәа ирзааигәаӡаны аиҭарсра илшоит. Ахәаԥшцәа кыраамҭа рнапеинҟьабжьқәа еихсыӷьуамызт.