Азҵаара рыҭара



ААУ аҟны иаатит ацәыргақәҵа

Имҩаԥысит "Аҟазарақәа рыҟәша" ахырхарҭа аҟны 1-тәи акурс инаркны 4-тәи акурс аҟнынӡа аҵара зҵо астудентцәа рцәыргақәҵа. Ацәыргақәҵа еиднакылеит "Аҿыханҵатә ҟазара", "Аҿыханҵа", "Акостиумқәа рдизаин","Аграфикатә дизаин".

Аусмҩаԥгатә ахь ааԥхьара рыман Аԥсны Аҳәынҭқарра аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, Аԥсны Аҳәынҭқарра Афинансқәа рминистр Владимир Делба, Аԥсны Акультура Аминистрра аусзуҩцәа, Аҳәынҭқарратә, аполитикатәи, ауаажәларратәи усзуҩы Виачеслав Цыгәба, Д.И.Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт аиҳабы Арда Ашәба, аҟазара аусзуҩцәа, ААУ апрофессортә-рҵаҩратә еилазаареи астудентцәеи, иара убасгьы ацәыргақәҵа азҿлымҳара аазырԥшыз ауаа.

Ауниверситет аҟны ишьақәгылоу атрадициа инақәыршәаны, «Аҟазарақәа рыҟәша» аҟны ацәыргақәҵа мҩаԥысуан Жәларбжьаратәи Астудент имш аҽны, аха аҿкы чымазара иахҟьаны аҳәынҭқарраҿы ишьақәгылаз аҭагылазаашьа уи анагӡара алнамыршеит.

Аусмҩаԥгатә ааиртит ААУ аректор, академик Алеко Гәарамиа. Уи иазгәеиҭеит: «Астудентцәа иреиӷьу ацәаҩа рыланааӡоит аҟазара, ҳара ҳаԥсабареи, ҳдоуҳаи ҳныруеит уи аҟны, наҟ-наҟгьы аҵараиурҭа ари аҟәша арҭбааразы ацхыраара ҟарҵалоит».

«Аҟазара аҟәша» анапхгаҩы Нугзар Логәуа иажәақәа рыла, ацәыргақәҵа хықәкыс иамоуп иреиӷьу аԥсуа традициақәа аҟазара аҟны ранырԥшреи, насгьы, ашықәс аҩныҵҟа астудентцәа идырҳаз аԥышәеи аусумҭақәа рҟны раарԥшреи ауп.

Иааидкыланы ацәыргақәҵа аҟны ицәырган 200 инарзынаԥшуа аусумҭақәа. Аҭааҩцәа рзы ацәыргақәҵа аартызаауеит рашәарамза 4-нӡа.