Азҵаара рыҭара



Раҧхьатәи ашьаҿақәа

ААУ афилологиатә факультет ажурналистика аҟәша аҟны имҩаҧысит астуденцәа раҧхьатәи рынҵамҭақәа рӡыргара. Аиҧылара еиҿылкааит Аԥсны Аҳәынҭқарра зҿаԥсазтәыз ажурналист, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, ААУ ажурналистика акафедра апрофессор Е.Гь. Бебиаԥҳа. 

Апрезентациа рхы аладырхәит Аԥсны еиуеиԥшым амассатә информациатә хархәагақәа русзуҩцәа Абаза тв ажурналист Фаина Матуа, аӡыргара ахырхарҭала аспециалист Алиса Адлеиба, аҭоурыхҭҵааҩ, ААУ апресс-маҵзура анапхгаҩы Џьамбул Инџьгиа, арежиссиорцәа Беслан Лагәлаа, Дауҭ Логәуа, Дауҭ Кьышьмариа, аоператор Паата Симониа, АТ ажурналистцәа Камилла Кьырвал,Сабина Қчач, Аманда Ҧониа.

Аӡыргарахь ааԥхьара рыман ароликқәа зызкыз афырхацәа – С.П. Дбар ихьӡ зху Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра Аҳәынҭқарратә музеи афонд аиҳабы Гәыгәыца Џьыкырԥҳа, апоетесса, аиҭагаҩ, ААУ арҵаҩы еиҳабы,  Гәында Сақаниа, Самсон Ҷанба ихьӡ  зху Аҧснытәи аҳәынҭқарратә драматә театр Атеатртә ахәыҷтәы студиа "Нарҭ" анапхгаҩы Гәыдиса Ҭодуа.

Апрезентациа аиҿкааҩ Е.Гь. Бебиаԥҳа лажәақәа рыла, аиҧылара хыкәкы хадас иамаз астудентцәа журналистк иаҳасабала идыр́ҳахьоу аԥышәа аарԥшра акәын. Уи инаҷыданы, арепортаж  аҭыхшьа, амонтаж аус адулашьа, амузыка аҵаҵашьа ахьынӡарықәҿиаз атәы аарԥшра. 

Апрезентациаҿы иӡырган 1- тәи,3-тәи акурсқәа рҿы итәоу астудентцәа русумҭақәа: Милена Қәарҷиаԥха, Ҳамида Аҩӡԥҳа, Аделиа Царгәышԥҳа, Шьазина Аԥшьлааԥҳа, Миранда Џьниаҧҳа, Ека Ӡоцениӡе, Ариана Ҳашҧҳа, Луна Џьопуаҧҳа, Милана Гәымҧҳа, Рафида Амқәабҧҳа, Ирена Смырҧҳа, Инесса Григолиаҧҳа, Хьыбла Хәарцкиаҧҳа, Сабина Ҭодуаҧҳа, Милада Ҧарулуаҧҳа, Мадина Инџьгиа, Лолита Ҵнариаҧҳа.

Аӡыргара ахыркәшамҭаз, амассатә информациатә хархәагақәа рхаҭарнакцәа астудентцәа ирзеиӷьаршьеит ажурналистика ахырхарҭаҟны аизҳареи ақәҿиарақәеи.