Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет аректорати апрофессор-рҵаҩратә еилазаареи лиирамш лыдырныҳәалоит ААУ аҿартә политиказы аректор ихаҭыҧуаҩ Медеиа Чегиа.
Ҳаҭыр зқәу Медеиа Николаи-иԥҳа!
Гәык-ҧсыкала ишәыдаҳныҳәалоит шәиирамш. Шәара ҳаҭыр зқәу, зус ламысцқьала иназыгӡо, знапынҵақәа ҭакҧхықәра ҳаракыла иныҟәызго напхгаҩуп.
Ирацәоуп шәара шәылшамҭеи шәлагалеи ААУ аҿиараҿы. Шәара еиҵашәааӡахьеит имаҷҩымкәа аҿар. Шәусурахь ишәымоу агәазыҳәареи абзиабареи шәыцхраауеит шәыгәҭакқәа рынагӡараҿы. Ари ацәанырра ҳаракы рылашәааӡоит астудентцәагьы. Уи еиҵагыло абиԥарақәа рзы ԥышәа дууп.
Ишәзеиӷьаҳшьоит агәабзиара, аҭынчра, шәнапы злаку аус аҟны аманшәалареи ақәҿиарақәеи. Ишәыгымзааит шәҭахыра рыбзиабареи рылаҧш хааи.
Анасыҧ шәыцзааит!
Медеиа Чегиа лиирамш лыдаҳныҳәалоит
Поделиться: