Лаҵарамза 9 - зыԥсадгьыл ахьчараз игылаз ауаа рфырхаҵареи ргәымшәареи иамшуп, ихадоу ныҳәоуп Асовет ҳәынҭқарра иқәынхоз ажәларқәа зегьы рзы. Гәадурала иаҳгәалаҳаршәоит аҭынч ԥсҭазаара ҳзаазгаз.
Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аан ҳџьынџьуаа зықьҩыла амцашыра иалагылан. Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аан Еибашьра ицаз 55 нызқьҩык инарзынаҧшуа Аԥсны аԥацәеи аԥҳацәеи рҟынтәи 17 430-ҩык рышьҭахьҟа изыхнымҳәит. 22-ҩык Асовет Еидгыла Афырхаҵа ҳәа ахьӡ ду иаԥсахеит.
Ари амш аҽны ҳара ҳрыдныҳәалоит ҳветеранцәа.
Ишәзеиҕьаҳшьоит агәамч ҕәҕәа, ашықәсынҵыра ду. Гәадурала ҳхырхәоит шәфырхаҵара аҿаҧхьа.Ҳауаажәлар, Аиааира Ду амш шәадныҳәалазааит!