Азҵаара рыҭара



ААУ аколлектив иҟарҵаз адныҳәалара

Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет акколектив ииубилеи идырныҳәалоит ААУ адоцент, аҵарауаҩ, афольклорист, алитератураҭҵааҩ, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат, Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Рассоциациа алахәыла, Д.И. Гулиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт аиҳабы Арда Енвер-иԥа Ашәба. 


Ҳаҭыр зқәу Арда Енвер-иԥа! Аҵараиурҭа аҟны аус шәуеижьҭеи еиҵашәааӡахьеит имаҷымкәа аспециалистцәа  ҿарацәа, ирылашәааӡахьеит афилологцәа рзы ихадоу ацәаҩа - ажәа аҵаки, аԥшӡареи. 

Шәџьабааи, шәлагалеи рацәоуп апрофессионалцәа разыҟаҵара аус аҟны. 


Ари амш лаша аҽны гәык-ԥсыкала ишәзеиӷьаҳшьоит агәабзиара еицамк, агәалаҟазаара бзиа, иҿыцу аҭҵаарадырратә аартрақәа, аԥсуа ишықәсынҵыра.