Азҵаара рыҭара



Аихшьалатә ҭҵаарадырратә-практикатә конференциа

Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟны имҩаԥысит аҭоурыхтә факультет астудентцәеи, аспирантцәеи, аҵарауаа ҿарацәеи реихшьалатә ҭҵаарадырратә-практикатә конференциа.

Аконференциа аҟны ажәахәқәа ҟарҵеит аҭоурыхтә факультет астудентцәа фҩык, аспирантцәа ааҩык, аҭоурыхтә факультет иаҵанакуа жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәа аҟәша аҟнытә астудентцәа ҩыџьа.

Аусмҩаԥгатә рхы аладырхәит астудентцәа рыҭҵаарадырратә напхгаҩцәагьы. Ажәахәқәа реиҳарак зызкыз Аԥсны аҭоурых акәын, ртемақәа харҭәаан презентациала. Ажәахәқәа рзыӡыррҩра ашьҭахь, анапхгаҩцәа рызҵаараҭарала игәылдырҭәаауан ишьҭыхыз азҵаарақәа.

Ажәахәқәа рымҽхак ҭбаан, иагьеиуеиԥшымызт:

1.       Оҭырба Дамеи , 2-тәи акурс:«Амҳаџьырра апроблема Гь.Ӡиӡариа иусумҭақәа рҟны».

2.       Хәарцкиа Аслан, 3-тәи акурс: «Аԥсуа драматә театр аҭоурых аҟнытә».

3.       Кьиут Асҭанда, 3-тәи акурс: «Аԥсныи Мраҭашәаратәи Кавкази, Кавказтә еибашьра ашықәсқәа раан».

4.       Ҳаразиа Камила, 4-тәи акурс: «Аԥсны антропологиа аҭҵаара Гь.Амҷба иусумҭақәа рҟны».

5.       Думаа Милена «Урыстәылеи Ҭырқәтәылеи реиҿагылара Аԥсуа аҳра Урыстәыла ианадла аамҭазы».

6.       Еныкь Иана, 4-тәи акурс: «Аинформациатә хархәагақәа рҟны Аԥсны азы иҵабыргым аинформациа аҿагылара аконтекст».

7.       Багба Лана, 4-тәи акурс: «Аиҿцәажәаратә процесс Аԥсныи Қырҭтәылеи рыбжьара».

8.       Арсалиа Дауҭ, 4-тәи акурс: «Иури Воронов иполитикатә усура».

9.       Ҭарба Дауҭ, амагистратура 1-тәи аҵарашықәс: «Аԥсуаа Аосмантә ҳәынҭқарра аҟны русура».

10.   Гьергьедаа Руслана, ААУ аспирант: «Ауаажәларратә усзура. Кавказ аиашахаҵара аиҭашьақәыргылара Аԥсны XIX-тәи ашәышықәсақәа рҭоурых аҟынтә».

11.   Бжьаниа Амиран, ААУ аспирант: «Раԥхьатәи апротестантә коллониа Аԥсны ацәырҵреи аусуреи».

12.   Хьыбба Даур, ААУ аспирант: «Ешыра аполитикатә хаҿсахьа Аԥсны аполиетникатә ҭагылазаашьа инақәыршәаны».

13.   Цкәуа Сариа, ААУ аспирант: «1925 шықәсазы ССР Аконституциа Аԥсны аҭоурыхтә ҵакы».

14.   Џьапуа Альбина, ААР Д.Гәлиа ихьӡ зху АИ аспирант: «Аԥсуа репатриантцәа рҭоурыхтә ԥсадгьылахь ахынҳәра иадҳәалоу зҵаарақәак».

15.   Смыр Софиа, ААУ аспирант: «Ақыҭа Ҟәланырхәа аҭоурых аҟнытә».

16.   Мамедова Ольга, алаборант: «Ачаратә қьабзи аҵаси: атрадициеи иахьатәи аамҭеи».

Аҭоурыхтә факультет адекан Алик Габелиа астудентцәа русумтақәа хаҭа-хаҭала дахцәажәо иҳәеит: «Есыҽны анапхгаҩи астуденти еиқәшәозар ауп аус еицыруазар ауп. Астудентцәа шәыҭҵаарадырратә усумҭақәа Аԥсны Аҳәынҭқарра азакәанԥҵареи, аԥеиԥши рҟны аҭыԥ ааныркылароуп, убри азын иаҭахуп аусура».

Аконференциа ахыркәшамҭаз астудентцәа русу́мҭақәа атемақәа иақәшәоз ашә́ҟәқәа ҳамҭас ириҭеит аҭоурыхтә факультет адекан Алик Габелиа.