Азҵаара рыҭара



Адунеизегьтәи агәабзиарахьчара амш

Мшаԥымза 7 азы иазгәарҭоит Адунеизегьтәи агәабзиарахьчара амш. 1950 шықәса раахижьҭеи есышықәса ари аныҳәа азгәаҭара хықәкыс иамоуп адунеи зегьы аҟны ауааԥсыра ргәабзиара ахылаԥшра амҽхак арҭбаара.

Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет абиолого-географиатә факультет аҟны 1981 шықәсазы иаԥҵан «Аексперименталтә биологиеи амедицинеи» ркафедра. Акафедра еиҿкаан ААУ аректор, академик А. Гәарамиеи Б.Лапини раԥшьгарала. 1981 шықәса инаркны 1992 шықәсанӡа «Аексперименталтә биологиеи амедицинеи» акафедра деиҳабын Б.Лапин. 1998 шықәса инаркны 2017 шықәсанӡа акафедра напхгара алҭон академик, апрофессор, амедициантә ҭҵаарадыррақәа рдоктор З.Шевцова. 2017 шықәса инаркны иахьауажәраанӡа акафедра деиҳабуп абиологиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат, адоцент Лариса Аҳәба.

Иахьатәи аамҭазы, азыҟаҵара мҩаԥысуеит Аԥсны Аҳәы́нҭқарреи, Урыстәылатәи Афедерациеи рырҵаратә стандарт инақәыршәаны (6 шықәса). Астуденцәа аҵара иахысуеит ААР Аԥышәарҭатәи аексперименталтәи рыҭҵаарадырратә институт абазаҟны - абиохимиатә, агематологиатә, аиммунологиатә, амикробиологиатәи уҳәа егьырҭ алабораториақәеи рыҟны. Акафедра арҵара шьаҭас иамоуп астудентцәа ртеориатәи рыпрактикатәи дыррақәа, алабораториақәа рҟны рышьақәырӷәӷәара.

Иахьатәи амш инамаданы ишәыдаҳныҳәалоит агәабзиарахьчара иазааԥсо зегьы, агәабзиареи, аманшәалареи шәыгымзааит еснагь.