Азҵаара рыҭара



Абиолого-географиатә факультет астудентцәа рыҭҵаарадырратә-практикатә конференциа

Жәабран 31 азы Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟны ихацыркын астудентцәа реихшьалатә ҭҵаарадырратә-практикатә конференциа. Иахьа аконференциа мҩаԥысит Абиолого-географиатә факультет "Агеографиеи атуризми", "Аексперименталтә биологиеи амедицинеи" ркафедрақәа рҟны.

"Агеографиеи атуризми" ркафедраҟны ажәахәқәа ҟарҵеит 10-ҩык астудентцәа.

Атемақәа рымҽхак ҭбаан: Тҟәарчалтәи адгьылаҵаҟатәи ахәышәтәырҭатә ӡқәа рхархәара; Аԥсны атуризм аҿиараҿы амилаҭтә чыси ахәыҟаҵареи иааныркыло аҭыԥ; Аԥсны Аҳәынҭқарра ԥхьаҟатәи аԥеиԥши жәларбжьаратәи аимпорти аекспорти аусхкаҟны, инарҭбааны ахцәажәара аиуит ачаии, амандаринеи, аҩи адунеиаҿы рконкурентралшара; Аԥхынтәи аамҭазы згәабзиара иахҟьаны зылшарақәа ҳәаақәҵоу ауаа Гагра ақалақь асасаирҭақәа рыҟны рыдкылара ишазыҟаҵоу атәи, насгьы, арҭ ауаа рзы асасааирҭақәеи, акрыфарҭакәеи, аҽыхәшәтәырҭақәеи рҟны иазыԥҵәоу ахәԥса; Акультура аелемент атуристтә зҿлымҳара иахәҭаку атемаҟны иаарԥшын Аԥсны иԥшьоу аҭыԥқәа рдоуҳатә цәаҩеи, аҿыханҵатә ҟазареи автортә усумҭақәеи, акәашаратә ансамбльқәеи, аоператә фестивальқәеи рнырреи атәы; Риҵатәи амилаҭтә реликттә парк иаҵанакуа адгьылқәа рыхцәажәара; Аԥсны Аҳәынҭқарра аполитика-географиатә ҭагылазаашьеи атуризм аҿиараҿи иаанакыло аҭыԥ; Фазиль Искандер илитературатә ҩымҭақәа рыла ныҟәарақәа реиҿкаара; Аԥсны иамоу амузеитә ресурсқәа аныҟәарақәа рымҩаԥгараҿы; Аҳаиртә алышәшәақәа Аԥсны аҳауа ишаныруа уҳәа атемақәа.

"Аексперименталтә биологиеи амедицинеи" ахь иаҵанакуа "Ауааи аԥстәқәеи рфизиологиеи рхимиеи" ркафедраҟны иазыӡырҩын аиҵбыратә классқәа рырҵаҩцәа рыхшыҩҵарра аҩаӡара ашьҭыхра.

Ажәахәқәа зегьы апрезентациақәа рыла ихарҭәаан.