Азҵаара рыҭара



IX-тәи Жәларбжьаратәи аҭҵаарадырратә конференциа


Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟны имҩаԥысит Алада Урыстәыла аекономика аиҿкаараҿы зџьабаа шьардоу, аекономикатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, апрофессор А.Ф.Сидоров игәалашәара иазку IX-тәи Жәларбжьаратәи аҭҵаарадырратә конференциа.

Аконференциа хыс иаман "Аџьармыкьа нхамҩа афеномен: ахыҵхырҭа инаркны иахьатәи ҳаамҭанӡа. Ацифратә технологиақәеи аинновациатә ӡбарақәеи рзеиԥшыркра".

IX-тәи Жәларбжьаратәи аконференциа иалахәын: Ҟәбантәи аҳәынҭқарратә университет, Урыстәыла Аҳәынҭқарра аҟны иаԥҵоу Афинанстә университет, Г.В. Плеханов ихьӡ зху Урыстәылатәи аҳәынҭқарратә университет, Тимириазев ихьӡ зху Москватәи ақыҭанхамҩатә аграртә университет, Алада Афедералтә аокруг иатәу аҭҵаарадырратә аекономикатә институт, Краснодартәи афинанстә университет, Белоруссиатәи аҳәынҭқарратә аграртә-техникатә университет, Лугантәи амилаҭтә аграртә университет, Т.Г.Шевченко ихьӡ зху Приднестровтәи аҳәынҭқарратә университет.

Аконференциа иалахәын Аԥсны Аҳәынҭқарра аԥыза-министр аамҭала инапынҵақәа назыгӡо, Афинансқәа рминистр Владимир Делба, Аԥсны Аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы, ААУ Амилаҭтә економика акафедра аиҳабы Беслан Кәыбраа, Асоциалтә-економикатә ҭҵаарақәа рцентр аиҳабы, афилософиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат Олег Дамениа.

Аконференциа раԥхьатәи ҩымш мҩаԥган ақалақь Шәача, уи ахыркәшара мҩаԥысит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟны.

Аусмҩаԥгатә алахәылацәа ажәахә ҟаҵарахь ииасаанӡа, минуҭктәи ҿымҭрала дыргәаладыршәеит аконференциа зызкыз аҵарауаҩ А.Ф.Сидоров.

Аҵараиурҭа иаҭааз асасцәа-ҵарауаа бзиала шәаабеит ҳәа раҳәауа ААУ аҵараус актәи апроректор Виктор Маланӡиа иазгәеиҭеит, ас еиԥш зымҽхак ҭбаау аиԥыларақәа ры́лҵшәа анымԥшыр шыҟамло аҭҵаареи, арҵара уси. Апроректор иазӷәеиҭеит ауниверситет аҟны еснагь адгылареи ацхыраареи шарҭо аҭҵаара ахырхарҭа иадҳәалоу аусхкқәа.

Аофициалтә хәҭахьы ииасаанӡа асасцәеи аԥшәмацәеи ҳамҭас ашәҟәқәа еимырдеит, урҭ рахьтә имаҷмызт аҵарауаа рхатәы усумҭақәагьы.

Аконференциа аҭҵаарадырратә напхгаҩыс даман - Урыстәылатәи Афедерациа иатәу Афинанстә университет "Аекономикатә ҭоурых ахшыҩҵак" асекциа аиҳабы, аекономикатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, апрофессор Иадгаров Иаков Семион-иԥа.

Апленартә хәҭаҟны ажәахәқәа ҟарҵеит хәҩык аҵарауаа, анаҩс аусура иацнаҵеит аиҿцәажәаратә ҳәаақәа ирҭагӡаны "Астол гьежь", уаҟа ажәахәқәа рыманы иқәгылеит ААУ аекономикатә факультет апрофессортә-рҵаҩратә еилазаара рҟынтә хәҩык аҵарауаа.

ААУ аекономикатә факультет адекан, аекономикатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат Ева Озган лықәгылара аҟны илҳәеит: "IX-тәи Жәларбжьаратәи аҭҵаарадырратә конференциа ахықәкы хадақәа иреиуоуп иахьа иаҳҭааз ауниверситетқәа рхаҭ́арнакцәеи ҳареи актуалтә темақәа -ацифратә економика иахьатәи ҳаамҭазы ахархәареи, насгьы, ҳазҭагылоу аԥкрақәа раамҭазы уи аҿиареи рԥышәа аимдареи, аекономика аҟны хадара злоу азҵаарақәа жәпаки реицыӡбара ауп.́ Ҳуниверситет азыхиоуп Урыстәылатәи ауниверситетқәеи ҳареи иҳабжьоу аиқәшаҳаҭра аҳәаақәа ирҭагӡаны академиатә еимадарақәа рырҭбаара. Уи аҟны ихадоу хырхарҭақәаны иҟоуп: аҭҵаарадырратә конференциақәа реицымҩаԥгара, ААУ аушьҭымҭацәа есышықәсатәи реихшьаалатә конференциақәа рахь жәларбжьаратәи аҵарауаа рааԥхьара, зыхьӡ нагоу аҵарауаа рааԥхьара автортә лекциақәа раԥхьаразы амагистратура иҭоу рзы, насгьы амагистрантцәа Урыстәылатәи аҵараиурҭақәа рҟны апрактика рахысра алыршара", - ҳәа азгәалҭеит аекономикатә факультет адекан Ева Озган.