Азҵаара рыҭара



Апрофессор-рҵаҩратә еилазаара реихшьалатә ҭцаарадырратә-практикатә конференциа

Аԥснытәи аҳәынҭқарратә универвитет аҟны иацнаҵоит аусура изаамҭанытәиу, есышықәсатәи аихшьалатә аҭҵаарадырратә-практикатә конференциа. Иахьа уи аусура иацнаҵоит агронџьныртә факультет апрофессор-рҵаҩратә еилазаара.

Ԥхынҷкәынмзазы, кафедра цыԥхьаӡа имҩаԥысхьан аҭҵаарадырратә усумҭақәа рылҵшәақәа рыла аихшьалатә конференциақәа. Урҭ рҟынтә еиҳа азҿлымҳара зауз атемақәа ракәын иахьа ицәыргаз.

Ажәахәқәа ртемақәа еиуеиԥшымызт, мҽхакы ҭбаала ирзааҭгылан ақыҭанхамҩа ахырхарҭақәа зегьы; арахәааӡара, аԥсаатәааӡара, аҵиааӡара.

Аконференциа еихшьалауа, агронџьныртә факультет адекан Розетта Смыр иазгәалҭеит: "Ҳара хықәкыс иҳаман ҳусура алҵшәақәеи, аинтерес зҵоу атемақәеи рцәыргара. Лымкаала иаҳҭахын астудентцәа аҭҵаарадырратә цәаҩа рылааӡареи, радыԥхьалареи", - лҳәеит агронџьныртә факультет адекан.