Азҵаара рыҭара



Иҿыцу ихьыԥшым аҳәынҭқаррақәа руниверситетқәа рассоциациа


Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟны имҩаԥысит онлаинла иҿыцу ихьыԥшым аҳәынҭқаррақәа руниверситетқәа рнапхгаҩцәа рконференциа. Ассоциациа иалоуп: Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет, Арцахтәи аҳәынҭқарратә университет, Т.Г.Шевченко ихьӡ зху Приднестровтәи аҳәынҭқарратә университет, А.А.Тибилов ихьӡ зху Алада-Уаԥстәылатәи аҳәынҭқарратә университет.

Аконференциа рҽаладырхәит аиҿкаара иалоу ауниверситетқәа рректорцәа, арҵара ус азы апроректорцәа, аҭҵаарадырра аус азы апроректорцәа, жәларбжьаратәи аусеицурази аҿар рполитика аусқәеи рзы анапхгаҩцәа, астудентцәа реидгыла ахаҭарнакцәа, аҵарауаа ҿарацәа, астудентцәа.

Аусмҩаԥгатә ахь ааԥхьара рыман Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны иҟоу Приднестровие-Молдавиатәи Ареспублика аофициалтә хаҭарнак Гарри Қәпалба, Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны иҟоу Алада Уаԥстәыла Аҷыдалкаатәи Азинмчы змоуи ацҳаражәҳәаҩ Олег Боциев, Аԥсны инхо аерманцәа руаԥшь ахантәаҩы Галуст Трапизониан.

Аконференциа хықәкыс иаман 2019-2020-тәи ашықәсқәа рзы ауниверситетқәа рассоциациа алахәылацәа ихадоу рылҵшәақәеи, реихьӡарақәеи, арҵаратә-арккаратәии, аҭҵаареи-аҭҵаарадырратәии, жәларбжьаратәии аҿиареи рҿы алкаақәа рыҟаҵара.

Ауниверситетқәа рыбжьара аинформациа аимдареи имҩаԥгоу аусурақәа рԥышәа алыҵшәақәеи, реилкаареи, аҩныҵҟатәии жәларбжьаратәии мҽхакыла разнеишьеи ртәы азгәаҭара.

Аконференциа хыркәшо, ассоциациа алахәылацәа ишьақәдырӷәӷәеит мшаԥымза 3 азы, зымшира азгәазҭо М.В. Ломоносов ихьӡ зху Москватәи аҳәынҭқарратә университет аректор Виктор Садовничи иахь ирышьҭраны иҟоу адныҳәаларатә шәҟәы апроект.