Азҵаара рыҭара



Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟны имҩаԥысит аиԥылара

ААУ аҵараус азы актәи апроректор, абиологиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат Виктор Маланӡиа, Аԥсны иҟоу афатә-ажәтәи ақыҭанхамҩатәии апрограмма ФАО апроекттә офис ахаҭарнак Кыиал Арабаеваи реиԥылара мҩаԥысит. Аиԥылара иалахәын   Аԥсны иҟоу ФАО ахшлыҵқәа рпроект ахада ихаҭыԥуаҩ Владимир Кокорев, ассистент Анжела Аӡынба, агронџьныртә факультет адекан Розетта Смыр, агронџьныртә факультет акафедрақәа реиҳабацәа, арҵаҩцәа.
Аиԥылара аартуа ААУ аҵараус азы актәи апроректор Виктор Маланӡиа, иҭабуп ҳәа реиҳәеит ФАО аиҿкаара ахаҭарнакцәа Аԥсны ақыҭанхамҩаҿи, ааглыхраҿи, насгьы аԥсабара аиқәырхара аус аҿи рлагалеи рааԥсарақәеи рзы.
Амшхәаԥштә аҟны излацәажәоз азҵаарақәа иреиуан: агрономиа ахырхарҭала апроект ахаҭарнакцәеи ауниверситети русеицура, аспециалистцәа ҿарацәа ауниверситет аҟны аҵареи аусуреи еихьызыгӡои дареи русеицура, агронџьныртә факультет атехнологиа, афатә аалыҵқәа (ахшлыҵқәа) ахырхарҭаҟны аусрыцура, мыругала реиқәыршәара алыршахара ауеит ҳәа азгәаҭара.
Кыиал Арабаева аиԥылара алахәылацәа аԥсшәа раҳәауа, иазгәалҭеит: «Ҳара ҳхаҭарнакра аус рыцыруеит шәара шәҵараиурҭа аусзуҩцәа, дареи ҳареи еицымҩаԥаҳгоит аспециалистцәа ҿарацәа рдырра аизырҳаразы атренингқәа, апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны агронџьныртә факультет аҟынтә иреиӷьу астудентцәа ФАО апроетк аҟны аԥышәа ахысра ралархәра», - лҳәеит ахаҭарнакра анапхгаҩы.
Агронџьныртә факультет акафедрақәа реиҳабацәа ргәаанагарақәеи рхәыцрақәеи деилдыркааит аиԥылара алахәылацәа, инаҵшьны иазгәарҭеит русеицура аҟны реиҳа хшыҩзышьҭра зҭатәу аусхкқәа.
ААУ агронџьныртә факультет адекан Р.Смыр лцәажәара аҟны илҳәеит ФАО апроект аусзуҩцәа рыбзоурала ҳтәыла аҟны иҟаҵоу шмаҷым, насгьы иазгәалҭеит агронџьныртә факультет аҟны ишаԥҵоу астудентцәа рԥышәа ахьеиздырҳауа алабораториа, дара рпроект аҟны астудентцәа радыԥхьалара шцхыраагӡахо атеориа аҟны ироуз адыррақәа рышьақәырӷәӷәаразы. Зеиӷьашьарак аҳасабала афакультет адекан Р.Смыр иаалырԥшит агәаанагара, агрономиа аус аҟны аԥышәа ду змоу аҳәаанырцәтәи аҵарауаа астудентцәа рзы алекциақәа рзаԥхьара шымҩақәҵагахо.
Аҩ-ганкгьы алацәажәеит ԥхьаҟатәи русеицура ашьақәргылара алзыршо аусмҩаԥгатәқәа.