Азҵаара рыҭара



Абиолого-географиатә факультет лиубилеи лыдырныҳәалоит Ирина Гьаргь-иԥҳа Конџьариа

Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет абиолого-географиатә факультет аколлектив лиубилеи лыдырныҳәалоит аҵарауаҩ-абиолог, абиологиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат, ААУ аексперименталтә биологиа акафедреи, абиолого-географиатә факультети рдоцент, "амолекулиартә биологиа" ахырхарҭа аспециалист Ирина Гьаргь-иԥҳа Конџьариа.

Ҳаҭыр зқәу Ирина  Гьаргь-иԥҳа! Гәык-ԥсыкала ишәыдаҳныҳәалоит шәиубилеи. 25 шықәса инареиҳаны аус шәуеит ААУ абиолого-географиатә факультет аҟны. Ари аамҭа иалакӡаны хьыԥхьаӡара рацәала амедецина ахырхарала аспециалистцәа еиҵашәааӡахьеит. Шәнапхгара аҵаҟа "амолекулиартә биологиа" ахырхарҭаҟны астудентцәа есышықәса рдипломтә усумҭақәа рыхьчоит. Шәара шәравторуп еуеиԥшым, зымҽхак ҭбаау амедицина иазку аҭыжьымҭақәа.

Ирина  Гьаргь-иԥҳа! Ишәзеиӷьаҳшьоит агәабзиареи аманшәалареи.  Шәнапы злаку арҵара уси аҭҵаареи рҟны ақәҿиарақәеи иҿыцу аартрақәеи шәзыԥшызааит!