Азҵаара рыҭара



Аихшьалатә ҭҵаарадырра-практикатә конференциа Афилологиатә факультет аҟны


Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет афилологиатә факультет, Аԥсуа бызшәа акафедра акабинет аҟны, имҩаԥган апрофессор-рҵаҩратә еилазаара алархәны аихшьалатә анаука-практикатә конференциа.

Аконференциа аҿы ажәахәқәа рыманы иқәгылеит:

Аԥсуа бызшәа аҟәша

Асекциа анапхгаҩы: афилол. ҭҵ. рд., апроф. Ӡиӡариа О.П.

Арҵ.еиҳ. Сақаниа Риҵа Ладикәа-иԥҳа – «Ахьыӡҟа аиагаратә ажәа аформа (апарадигма) аԥсуа бызшәаҿы»;

Афилол.н.ркон., адоц. Кәарҷелиа Фатима Зураб-иԥҳа – атема «Антонимқәа рстилисткатә ҷыдарақәак аԥсуа бызшәаҿы»;

Арҵаҩы, агазеҭ «Аԥсуа университет» аредактор хада Чхамалиа А. –«Аҳәынҭқарратә  бызшәа арҿиареи аԥсуа алитературатә бызшәеи рзы гәаанагарақәак»;

Арҵ.еиҳ. Шьынқәба А.Шь. – «Иаԥсуам ашкол аҿы ахьыӡҟа арҵашьа»

Адоц. Хагәышь Б.А. –«Аԥсуа бызшәа аҭагылазаашьа Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны»;

Афилол. ҭҵ. рд., апроф. Ӡиӡариа О.П. – «Лексика взаимопомощи в абхазском языке»;

Афилол. .ҭҵ. рк., адоц., Ҭаниа Е.Ш. – «Аарых иахәарҭоуи иаԥырхагоуи ахәаҷа-маҷа азырбо акқәа рбызшәатә ҷыдарақәа аԥсуа бызшәаҿы».

Ажурналистика аҟәша

Асекциа анапхгаҩы: афилос. ҭҵ. рдоктор Амқәаб Г.А.

Афилос. ҭҵ. рдоктор Амқәаб Г.А. –«Аибашьреи аҭынчреи»: ихьыԥшым амассатә инф. хархәагақәа»;

Афилол. ҭҵ. рдоктор, апроф. Бебиа Е.Г. – «Ҳаамҭазтәи атехнолгиатә ҿыцрақәеи амассатә-информациатә хархәагақәеи реимадара»;

Аԥсуа алитература аҟәша

Асекциа анапхгаҩы: афилол. ҭҵ. рд., адоц. Аџьынџьал Д.С.

Апроф. Коӷониа Валентин – «Таиф Аџьба ипоезиатә ҟазара адаҟьақәак» (Ажәеинраала «Аԥсуара» ашьаҭала);

Апроф. Џьапуа Зураб – «Алакәқәа ирызҟазаз нарҭаа ражәабжьҳәҩцәа рахьтә: Ҳалит Ҟалӷьы, Луба Џьапуа-ԥҳа»;

Адоц. Чуреи Тыжын Али – «Этническая музыкальная традиция абхазо-адыгской диаспоры в Турции» (на примере песенно-инструментального цикла);

Аԥс. лит. акаф. Арҵаҩы Габниа Дифа – «М. Лакрба иновеллақәа рҟны аԥҳәыс лхаҿсахьа шаарԥшу»;

Арҵ. еиҳ. Анқәаб Ахра – «Фатима Аԥсова лырҿиаратә дунеи»;

Арҵ. еиҳ. Ахсалба Гурам – «Ал. Гогәуа иажәабжьқәа «Ашәалҟьамра», Аҳәҳәабжь»,«Аӡыжь» рсахьаркыратә ҷыдарақәа».

Аконференциа еиҿыркааит:

Афилологиатә факультет адекан, Аҳәынҭқарратә бызшәатә политиказы аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы Баҭал Антипа-иԥа Хагәышь.

Афилологиатә ҭҵаарадыррақәа  рдоктор, апрофессор Оҭар Платон-иԥа Ӡиӡариа.

Афилологиатә ҭҵаарадыррақәа  рдоктор, адоцент Диана Сарапион-иԥҳа Аџьынџьал.

Арҵаҩы  еиҳабы,  Владимир Анқәаб ихьӡ зху аԥсуа литература акабинет анапхгаҩы Ахра Владимир-иԥа Анқәаб.