Азҵаара рыҭара



Жәларбжьаратәи атеатр амш

Хәажәкыра 27 азы иазгәарҭоит Жәларбжьаратәи атеатр амш, ари аныҳәа апрофессионалтә актиорцәеи, арежиссиорцәеи, адрамматургцәеи рымацара иртәым, уи азгәарҭоит асцена иадҳәалоу, аҟазара бзиа избои, ҳаҭыр ақәызҵои зегьы. 

1998 шықәса абҵара 25 азы Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет афилологиатә факультет аҟны иаартхеит "Актиортә ҟазара" азанааҭ.

Жьҭаара 31, 2016 шықәса азы аҵараиурҭа аҟны иаԥҵан арҵаратә-ҭҵаарадырратә структуратә ҟәша – «Аҟазарақәа рыҟәша». Уаҟа аҵара рҵоит 150-ҩык инарзынаԥшуа астудентцәа, еиқәыԥхьӡоу ахырхарҭақәа рыла: «Аҿыханҵатә ҟазара», «Аҿыханҵа», «Акостиумқәа рдизаин», «Аграфикатә дизаин», «Актиортә ҟазара». 

«Аҟазарақәа рыҟәша» напхгара аиҭоит зыхьӡ нагоу асахьаҭыхҩы, ауаажәларратә усзуҩы, адоцент Нугзар Логәуа.

 «Актиортә ҟазара» ахырхарҭаҟны астудентцәа аҵара  ддырҵоит Аԥсны Жәлар рартистка Софа Агәмаа, Аҳәынҭқарратә аҿар ртеатр анапхгаҩы Аслан Еныкь.  Аҟәша еиднакылоит зыхьӡ нагоу аҟазареи атеатралтә усзуҩцәеи.