Азҵаара рыҭара



Ажәеинраалақәа реизга аӡыргара

И.Гь. Папасқьыр ихьӡ зху Амилаҭтә библиотека  аҟны имҩаԥысит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет, афилологиатә факультет 1-тәи акурс астудент ашәҟәыҩҩы қәыԥш, Валерии Базаров иажәеинраалақәа реизга аӡыргара.

Валери Базаров дравторуп 200 инареиҳаны ажәеинраалақәа. 2019-2020 шықәсқәа рзы ашәҟәыҩҩы қәыԥш електронтә форматла  иҭижьхьеит иажәеинраалақәа реизга ҩ-шәҟәык. Хәажәкыра 7, 2020 шықәса аахыс - Жәларбжьаратәи Ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла далахәылоуп.  Дноминантуп урыстәылатәи амилаҭтә литературатә премиа "Ашықәс ашәҟәыҩҩы"(2020).

Валерии Базаров иажәеинраалақәа реизга "Аҟәатәи амшқәа рпоезиа" ҭыжьын Москва иаку тиражны, 325 екземплиар, урҭ рахьтә 19 дәықәҵоуп Аԥсны ашәҟәтәы палатахь,16 дәықәҵоуп Урыстәылатәи Афедерациа ашәҟәтәы палатахь. Ирҿиара аҳаҭыраз имҩахыҵыз зегьы иҭабуп ҳәа раҳәауа, автор иазгәеиҭеит: "Сышәҟәы шәаԥхьауа, шәара иаашәыртуеит сгәаҵа, шәагәылаԥшуеит сыҩныҵҟатә дунеи. Аџьшьара исҭоит Анцәа Ду, сара поетк иаҳасаб ала шәҿаԥхьа сахьцәажәо" - иҳәеит ашәҟәыҩҩы қәыԥш.