Азҵаара рыҭара



Аҵарауаҩи астудентцәеи реиԥылара

Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟны имҩаԥысит ажурналистцәа ҿарацәа рзы аиԥылара - апоет, алитератураҭҵааҩ, акритик, ажурналист, Аҧсны ауаажәларратәи аҳәынҭқарратәи усзуҩы, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор Владимир Занҭариа иԥылара. Аусмҩаԥгатә еиҿылкааит афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, ажурналистика акафедра апрофессор Екатерина Гьаргь-иԥҳа Бебиа. 
Аиԥылара рхы аладырхәит ААУ афилологиатә факультет адекан Б.Хагәышь, В.Анқәаб ихьӡ зху акабинет аиҳабы А.Анқәаб, аҵараиурҭа апрофессортә-рҵаҩратә еилазаара, астудентцәа. Аусмҩаԥгатә ахь иааԥхьан Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла ахантәаҩы Вахтанг Аԥҳазоу, Аԥсны ажурналистцәа Реидыла ахантәаҩы, ателеканал «Абаза ТВ» адиректор хада Руслан Ҳашыг, Аԥсны амассатә хархәагақәа русзуҩцәа. 
Аиқәшәара аартуа, афилологиатә факультет адекан Б.Хагәышь иазгәеиҭеит, ари ааԥхьара амҩаԥгара ргәы иҭоуижьҭеи кыр шааҵуаз, иахьа уи алыршара зыбзоуроугьы Е.Бебиаԥҳа лоуп ҳәа. Ажәа иман аиԥылара зызкыз аҵаруаҩ В.Занҭариа, иааиз зегьы бзиала шәаабеит ҳәа раҳәауа, иара дазааҭгылеит иԥсҭазаареи ирҿиаратә мҩеи рҟынтә хадара злоу, аҵакы змаз, ихшыҩырҵагоу ахҭысқәа. Иажәахә аҟны инарҭбааны авидео роликқәа рырбарала иалкааны дахцәажәеит аибашьратәи ашықәсқәа раан журналистк иаҳасабала ианҵамҭақәа. Игәалаиршәеит арадиои ателехәаԥшреи рҟны раԥхьатәи ишьаҿақәа ирыдҳәалаз ахҭысқәа. В.Занҭариа апублицистикеи акьыԥхьи мацара акәымкәа дрыхцәажәеит ирҿиамҭақәагьы. 
Анаҩс, ААУ ажурналистика астудентцәа В.Занҭариа иажәеинраалақәеи, еиҭагамҭақәеи исахьаркны ирыԥхьеит. Ахәылԥаз аиҿкааҩ Е.Бебиа лархив аҟынтә астудентцәа идырбан Владимир Занҭариа еиуеиԥшым аамҭақәа раан аус ахьиуаз иазкыз авидео роликқәа. 
Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла ахантәаҩы Вахтанг Аԥҳазоу, аҵарауаҩ иааԥсарақәа дрыхцәажәауа, иҳәеит: «В.Занҭариа профессионалла ажәеинраалақәа аԥсшәахьтә аурысшәахь еиҭазго ауаа дреиуоуп. Насгьы, ус аиҭагара зықәҿио рхыԥхьаӡара маҷҩуп». Аусмҩаԥгатә алахәылацәа зегьы В.Занҭариа ирҿиара ҳаракны иахцәажәауа иҭабуп ҳәа иарҳәеит, изеиӷьаршьеит ақәҿиарақәа. 
Аиԥылара ахыркәшамҭаз, Владимир Занҭариа астудентцәа ишәҟәқәа ҳамҭас ириҭеит.