Азҵаара рыҭара



Агазеҭ «Аԥсуа университет»

Агазеҭ «Аԥсуа университет» ҭыҵуа иалагеит зқьи жәшәи ԥшьынҩажәи акы шықәсазы. Агазеҭ ианыԥшуеит ганрацәалатәи ауниверситет аԥсҭазаара, иалнаршоит аԥышәа аимдара, иаанартуеит аҿар ргәы иҵхо азҵаарақәа.Аредакциа аусзуҩцәа рнаҩсгьы, ари агазеҭ аҿы икьыԥхьуеит астудентцәеи ауниверситет аусзуҩцәеи.Сынтәа агазеҭ «Аԥснытәи ауниверситет»  ҩынҩажәа  шықәса ахыҵра инамаданы ҳара ҳиҿцәажәеит агазеҭ редактор хада Алхас Чхамалиа.