Азҵаара рыҭара



ААУ аректор, академик А.Гәарамиеи Еиду амилаҭқәа Рхеилак апрограмма ахаҭарнакцәеи реиԥылара

ААУ аректор, академик Алеко Гәарамиа Еиду амилаҭқәа Рхеилак   апрограмма (ПРООН)   ахаҭарнак Луиза Винтон дидикылеит.
Аиԥылара рхы аладырхәыит Аҭынчреи аҿиареи рызҵаарақәа  рзы Арегионалтә абжьгаҩ Олег Проицик, апроект  "Алаԥшҳәаа" анапхгаҩы Ивана Лагиниа, ААУ аҭоурыхтә факультет адекан А.Габелиа.
Аиԥылара аартуа, Алеко Гәарамиа дазааҭгылеит, апандемиа аамҭазы, аҵараиурҭа аҟны ишрылдыршаз аҭагылазаашьа аԥҵара -75% астудентцәа ауниверситет аҟны аҵара дырҵара, 25% онлаинла аҽазыҟаҵарақәа рахысра. Аректор, америкатәи аҵарауаа игәаларшәауа, 1955-1956 шықәсқәа рзы Мили Мури ишаԥырҵаз алгебратә терминла иуҳәозар "агәыԥбжеи агәыԥтә автоматқәа", аха иҟамызт 1985 шықәсанӡа аматематикатә дунеиаҿы  аилкаара  аквазигруппатә автоматқәа аазырԥшуаз. Америкатәи аматематикатә еилазаарра иалоу русумҭақәа рҟны, 1985 шықәсазы икьыԥхьын раԥхьаӡакәны уи ахархәареи алагалареи азҭаз Алеко  Гәарамиа иусумҭа. Аинформациатә-технологиақәа раԥҵара аус аҿы, иааԥсареи иџьабааи шыҟоугьы,  аректор, урҭ ахархәагақәа ицхыраагӡоу акы акәны дахәаԥшуеит: "Адунеиаҿы макьана аӡәгьы изаԥымҵацт лабҿаба арҵаҩи аҵаҩи реицәажәара, русеицура зыԥсахуа", - ҳәа азгәеиҭеит иара.
Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟны Еиду амилаҭқәа Рхеилак  апрограмма Ахаҭарнакра ацхыраарала, имаҷым имҩаԥгоу аусхкқәа; Агронџьныртә факультет техникала аиқәыршәара, абызшәатә центр аиқәыршәареи аиҭашьақәыргылареи, англыз бызшәа арҵаразы акурсқәа рымҩаԥгара, акттә зал арҽеира, ААУ  асаити аелектронтә библиотекеи раԥҵара,  аҭоурыхтәи афилологиатә факультетқәеи, аҟазарақәа рыҟәшеи мыргулала реибыҭара, онлаинла аконференциақәа рымҩаԥгаразы аконференц-зал еиқәыршәан аинформациатә-коммуникациатә технологиала, аинформациатә-технологиатә лабораториақәа ҩба компиутерла реиқәыршәара, абиолого-географиатә факультети, аексперименталтә биологиеи амедицинеи ркафедра аҟны амолекулиартә адиагностика аҟаҵара алзыршо алабораториа аԥҵара, апандемиа аамҭазы, уи аламырҵәаразы аҽыхьчагатә хархәагақәеи арзҩыдаратә маҭәашьарқәеи рыла аҵараиурҭа аиқәыршәара.
Еиду амилаҭқәа Рхеилак апрограмаа ахаҭарнакцәа иҭабуп ҳәа реиҳәеит ААУ аректор, академик Алеко Гәарамиа.
Аҭоурыхтә факультет адекан А.Габелиа Ахаҭарнакра аусзуҩцәа иҭабуп ҳәа реиҳәеит афакультет аудиториақәа руак мыругала аиқәыршәареи амфитеатр арҽеиреи рзы. Дазааҭгылеит, дара рфинанстә цхыраарала ишҭыжьыз астудентцәеи арҵаҩцәеи рзы ицхыраагӡоу  аҭоурыхтә шәҟәы, насгьы, уи ашәҟәы, аԥсуа бызшәахь аиҭагара шазгәаҭоу: "Ҳара ҳаҭыр ҳзақәп аҵараиурҭа азы иҟашәҵо ацхыраара",- иҳәеит адекан.
Еиду Амилаҭқәа Рхеилак апрограмма аҿиара ахаҭарнак  Луиза Винтон Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет анапхгара иҭабуп ҳәа раҳәауа иазгәалҭеит: "Ҳара ҳхеилак иуадаҩыз апандемиа аамҭазы иалнаршеит ауниверситет  агәыҳалалратә цхыраара аҭара, уи зыбзоуроу шәара  иаашәырԥшыз аиҩызареи аусеицураҿы ҳаимадареи роуп.  Апандемиа аамҭазы, Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә университет ҳаҭырла аҵаратә процесс амҩаԥгара шәылшеит, уи, хымԥада, иааидкыланы аҵара ахаҭабзиара ианымԥшыр зыҟалом",- лҳәеит Луиза Винтон.
Аиԥылара ахыркәшамҭаз, асасцәа, ауниверсиет ахьӡала, агәаларшәагатә ҳамҭақәа рылҭеит ААУ аректор ицхырааҩ А.Қаџьаиа.