Азҵаара рыҭара



АԤСУА ЖӘЛАР РҴЕИ ЛАША, РГЕНИ

АԤСУА ЖӘЛАР РҴЕИ ЛАША, РГЕНИ

 

Алеко Гәарамиа ииубилеи – ари иҩызцәа, иқәлацәа ҳзыҳәан иныҳәа дууп, амилаҭ зегьы зхаҵгылаша, изызхьаԥшша хҭысуп.

Ҳтәылаҿ шамахамзар иуԥылом ҭаацәак, ҩнаҭак уи инапы зыԥшьым, иқәгәыӷны, изгәдуны иӡбахә ахьырымҳәо.

Ҳарҭ аԥсуаа ҳахьтә Алеко Гәарамиа иоуп аматематикаҿ, афизикаҿ адунеитә наука зызхьаԥшыз, иалнакааз. Ари машәырны иҟамлаӡеит. 70­тәи ашықәсқәа раан Гагарин акосмос ахь ихалара, аҵарауаа ­афизикцәа иҟарҵоз аартрақәа адунеи зегьтәи аҿар амҵәыжәҩақәа рырҭон, иабиԥара ҿыцны еиҵагылон. Убасҟан ауп аурыс поет Борис Слуцки ианаԥиҵаз еицырдыруа ацәаҳәақәа:   

Что-то физики в почете,

Что-то лирики в загоне…

Абарҭ аамҭақәа рзы ауп Алеко Гәарамиа данцәырҵ, ихьӡ-­иԥша ангаз.

Убасҟан ихацыркыз, ишьҭыхыз аҳаракыра иахьа уажәраанӡа еихаҳауа иааигоит, амифтә фырхацәа реидара даҵоуп, дҿырԥшыгоуп, дбаҩхатәрауаҩуп, ҳзышьцылам шәага­загала далкаауп, днагоуп.

Алеко Алықьса­иԥа!

Уареи сареи ҳаибадырит Москва, 1965 ш. азы, ҳҵарашықәсқәа раан. Убасҟан асаркьашана ҳалԥшынгьы иаҳбомызт иаҳзыԥшыз ҳамҩақәа, ҳажәлар рҿаԥхьа ишьҭаз аибашьра, ҳҭоурыхтә иааира ду, ҳхьыԥшымра. Срызгәдууп унысымҩа, уаԥсуара, ҳажәлар иуаҭәаршьаз ахьӡ­аԥша!

АЛЕКО ГӘАРАМИА УАХЬ

Иҳақәиҭу иуиҭеит ахшыҩ ду,

Иуеиҳәеит: ужәлар урыхә!

Уагьрыхәеит! – Ухы­уԥсы мшаҭа,

Иахьа уаҳзаҩызоуп Ерцахә!


Уанысит – ҳаԥсадгьыл знысыз,   

Иаԥсуаз иуалыз ухәҭан.

Алеко, ҳҵеи, ҳ­Ломоносов,

Ҳҵараиурҭа дуӡӡа акаԥдан!

 

Уа уоуп ахаҿра, уи адырга,

Адунеи иаурдырит, ирбеит.

Амшын аҿтәи абахәқәа ирылга

Ахара ахьыӡ ургеит!


Иеихоуҳаит иаԥырҵахьаз уаԥхьа – 

Ҳдац­ԥашәқәа ирықәҵо ҳаҭыр. 

Иурҿыцит ҽакала ахаҿсахьа, 

Ишьҭоуҵеит иҿатәу аусхыр!


Иҵаулоуп ҳҵарауаҩ ду ужәҩан, 

Агеницәа ахьеизо уаӡәуп. 

Иазхарҵеит улагала, уа умҩа, 

Уалоуп рдунеитәи Аклуб.


80 акәзар – акрыҟоу?

Уџьабаа ҭаӡом Аԥсныра! 

Шәышықәса акаҩ ҳәа урҭысроуп, 

Ухшыҩ ҵар ишамоу аҳра!


Ихалаз – Ахалара иԥхьоит, 

Ус аханатә изыԥҵәоуп.

Схырхәоит, Алеко, уа уҿаԥхьа,

Апоезиеи алгебреи еишьцәоуп!

М.Л.

  "Еҵәаџьаа"  Алитературатә газеҭ, октиабр- декабр 2020 ш.№143 аҟнытә