Азҵаара рыҭара



Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аҭоурых аҟны хашҭра зқәым


Март 15-16 1993 шықәсазы, Гәымсҭатәи афронт аҟны имҩаԥган Қырҭтәылатәи архәҭақәа рҟынтә Аԥсны аҳҭнықалақь ахақәиҭтәразы арратә операциа. Имҩаԥгаз ажәылара иабзоураны, Аԥсны архәҭақәа рнапаҿы иааргеит астратегиатә ҵакы змаз, Аҟәа азааигәара иҟаз аҳаракырақәа. Аха, аҵыхәтәантәи аиҿахысрақәа рнаҩс, Аԥснытәи архәҭақәа хьаҵыр акәхеит.

Аҟәа ахақәиҭтәразы имҩаԥгаз Марттәи ажәылара зегь реиҳа иуадаҩын. Уи ажәылараҿы иҭахеит 222-ҩык Аԥсны аҵеицәа.

Сынтәа ҩажәи ааба шықәса ҵит Аԥсны аҭоурых адаҟьақәа рҿы хашҭра зқәым, ишьаарҵәыроу ари ахҭыс ҟалеижьҭеи.

Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟны имҩаԥган алахьеиқәҵаратә митинг. ААУ аректор, академик А.А.Гәарамиеи, апрофессортә-рҵаҩратә еилазаареи, аҵараиурҭа аусзуҩцәеи, астудентцәеи ашәҭ шьыҵәрақәа шьҭарҵеит Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра 1992-1993 шықәсқәа раан иҭахаз ргәалашәара иазку абаҟа ргылахараны иахьыҟоу ахаҳә амҵан.

Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аҭоурых аҟны хашҭра зқәым, реиҳа ишьаарҵәыроу ахҭыс аҟны иҳацәҭахаз ргәалашәара наӡаӡазааит!