Азҵаара рыҭара



2013 шықәсазы Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟны аусура хацнаркит апресс-маҵзура.

Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟны иреиҳау аҵараиурҭа аԥсҭазаара аазырԥшуа,уи аҩныҵҟа имҩаԥысуа ахҭысқәа ирызку аинформациа ацәыргаразы, 2013 шықәсазы аусура хацнаркит апресс-маҵзура. Аԥсны амассатә хархәагақәа амш аныҳәа инадҳәаланы ҳара ҳиҿцәажәеит уи аиҿкааҩ ,Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет ажурналистика акафедра аиҳабы, афилософиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор Гәырам Амқәаб.