Сынтәа, 72 шықәса ихыҵуан иԥсы ҭаны дҳалагылазҭгьы Аԥсны Аҳәынҭқарра аҩбатәи Ахада, асоветтә партиатә, аԥсуа ҳәынҭқарратәи, ауаажәларратәи усзуҩы Сергеи Уасил-иԥа Багаԥшь.
Иҭышәынтәалаз, аҳалалреи, ақьиареи, ауаҩреи рыгәра згоз, зхаҭагьы урҭ аҟазшьақәа злаз аполитик, ажәлар идгылон, ҳаҭыргьы иқәырҵон. Аԥсны хьыԥшымны ианышьақәгыла ашьҭахь, аҳәынҭқарра аҟны иреиҳау амаҵура ҭыԥқәа ааникылон. 2004 шықәса инаркны ҩынтәны Аҳәынҭқарра хадара азиуан.
1992-1993 шықәсқәа Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ашьҭахь, иуадаҩыз Ҳҳәынҭқарра аиҭашьақәыргылара, ахьыԥшымра азхаҵара аус адулара далагеит. Иџьабаа шьардоуп нанҳәа 26, 2008 шықәса, Урыстәылатәи Афедерациа, Аԥсны ахьыԥшымра азхаҵара аус аҟны.
Сергеи Багаԥшь ижәлар рус иусын, рхьаа ихьаан, ижәлари иԥсадгьыли рыҿиара, реиҭашьақәыргылара дырсимволын.
Сергеи Уасил-иԥа ихьӡ ҳаԥсадгьыл аҭоурых аҟны еицакра ақәымкәа иаанхоит.