Азҵаара рыҭара



Аԥсны раԥхьатәи Ахада Владислав Арӡынба игәалашәара амш.


Хәажәкыра 4, 2010 шықәсазы, 65-шықәса дшырҭагылаз иԥсҭазаара далҵит, иналукааша аҳәынҭқарратәи аполитикатәи усзуҩы, ҳаамҭазтәи Аԥсуа Ҳәынҭқарра ашьаҭаркҩы, аҵарауаҩ-кавказҭҵааҩы Аԥсны Аҳәынҭқарра Раԥхьатәи Ахада Вдадислав Григори-иԥа Арӡынба.

Аԥсны жәлар р-Ԥыза ду Владислав Арӡынба аполитика аҟны ицәырҵра, аԥсуа милаҭ рҭоурых аҟны иуадаҩӡаз аамҭақәа ирықәшәеит. Жәытә-натә аахижьҭеи еиԥш, усҟангьы ҳажәлар аҟазаареи аҟамзаареи ирыбжьагылан. Ҳажәлар рхымҩаԥгара, рҵас, рқьабз есқьынагьы ианыԥшуан ииашам аҿагылара, ршьа, рда иалан рыԥсадгьыл ахьчаразы хьаҵра зқәымыз адоуҳа.

Даҭахын шәара зқәымыз аҵеи лаша. Ажәлар ргәы дырҭынчит Владислав Григори-иԥа аеаҵәа шаша еиԥш Аԥсны данахагыла ргәыӷра иамеижьеит.

Ҳажәлар рҵеи лаша, ҳмилаҭ раԥхьагылаҩ, рԥыза ду иажәақәа, ихәыцрақәа, ихшыҩзцара ҵаулақәа еилыхха аҽаанартуеит аамҭа цацыԥхьаӡа.

Сынтәа 11 шықәса ҵит Ҳҳәынҭқарра ахьыԥшымреи ахақәиҭреи азызчаԥаз, уи ахьӡала зхи-зыԥси иамеигӡаз, ажәлар ԥаимбарҵас изхәаԥшуаз Владислав Арӡынба иԥсҭазаара далҵижьҭеи. Игәалашәара лаша, ҳажәлар ргәаҵаҿы наӡаӡа иаанхоит.