Хәажәкыра 4, 1921ш. Аԥсны Асовет мчра шьақәыргылан, Аԥсны Советтә Социалисттә Республиканы ахьӡ рылаҳәан. Иара убри амшгьы ԥхьаӡоуп аԥсуа ҳәынҭқарра аиҭашьақәыргылара иамшны. Жәабран анҵәамҭазы 1921 шықәсазы «Кьараз» агәыԥ, ажәбатәи Ар Ҟаԥшь арцыхцыхра ала ирҿагылеит ақырҭуа арҳәҭақәа. Хәажәкыра 4 рзы иҭарцәын Аҟәа, хәажәкыра 19 рзы Ԥсоу аӡиас инаркны Егрынӡа, Қырҭтәылатәи аменшевиктә архәҭақәа Аԥсны иалцан. Амчра зегьы Аԥсны Ареволиуциатә Комитет анапаҵаҟа иҟан. Нестор Лакобеи Ефрем Ешбеи напхгара зырҭоз Аҳәынҭқарра Аԥсны Аревком амчра зегьы хаҭәааны рнапаҿы иааргеит. Зыӡбахә ҳәоу ауаа рнапхгарала аиҭаира амҩа ианылеит зҭагылазаашьа уадаҩыз атәыла.
Хәажәкыра 31, 1921 шықәсазы Аԥсны азхаҵан ихьыԥшым Советтә Социалисттә ҳәынҭқарраны. Аԥснытәи абольшевикцәа, 1918 шықәсазтәи ирықәымҿиаз рԥышәа ҳасаб азуны, усҟан Аԥсны, Урыстәылатәи Асоветтә Федеративтә Социалисттә ҳәынҭқарра иахәҭакә Аҟәатәи аокруг ҳәа ианрылаҳәаз аамҭа аасҭа уажәы излацәажәоз аԥсуа ҳәынҭқарра аиҭашьақәыргылара акәын. Асовет аамҭазы ирацәамызт аԥсуаа еидызкылоз аныҳәақәа. Абри ахҭыс анаҩс, хәажәкыра 4, милаҭтә ныҳәаны иазгәарҭо иалагеит Аԥсны жәлар зегьы.
Аԥсны Асовет мчра ашьақәгылара амш, сынтәа 100 шықәса ахыҵит.