Азҵаара рыҭара



Жәларбжьаратәи аҭҵаарадырратә конференциа

Аԥсны Асовет мчра ашьақәгылара 100 шықәса аҵра инамаданы, Д.И.Гәлиа ихьӡ зху  Аԥсуаҭҵааратә институти, Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университети, Аҩада-Кавказтәи афедералтә университети еицымҩаԥыргеит "Асовет мчра: Аҭоурыхтә ԥышәеи иахьатәи  аилкаареи" ҳәа хьӡыс измаз жәларбжьаратәи аҭҵаарадырратә конференциа. Аконференциа мҩаԥган онлаинла, Д.И.Гәлиа  ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт ахыбра аҟны.


Аконференциа ааиртит Д.И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт аиҳабы, афилол.ҭҵ.рканд. А.Е.Ашәба: "Ҳаҭыр зқәу Валерии Еремеи-иԥа, ҳаҭыр зқәу Аҩада-Кавказтәи афедералтә университет аректор Дмитри Николаи-иԥа, ҳаҭыр зқәу Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аректор Алеко Алықьса-иԥа, ҳаҭыр зқәу жәларбжьаратәи аҭҵаарадырратә конференциа алахәылаҩцәа. Иахьа имҩаԥысуа аҭҵаарадырратә конференциа еицымҩаԥаҳгоит, избанзар ҭоурыхтә хҭыск, ҭоурыхтә аамҭак ҳаицанысит. Ҳҵарауаа Аԥснытәи Урыстәылатәи  аҭоурыхҭҵааҩцәа ӡбатәыс, ҭҵаатәыс раԥхьа иқәдыргыло азҵаарақәа рҿы еилахуп, еицымҩаԥыргоит, еицырыӡбоит, еицҭырҵаауеит. Ҳара ҳҳәынҭқарра 100 шықәса ракәӡам иахыҵуа, Владислав Арӡынба иажәақәа рыла иаҳҳәозар 1200 шықәса инархыҳәҳәо иахыҵуеит",- ҳәа иажәа хирқәшеит.


Аԥсны Асовет мчра ашьақәгылара 100 шықәса ахыҵра иазкыз аконференциа ахь дааԥхьан Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа. Ахада иазӷәеиҭеит ишеиҷаҳатәу аамҭакәа реимадара, аҭоурыхтә хҭысқәа дрыхцәажәауа иаҵишьит: "Аҭоурых еиҟәыҭхаганы изыҟалом, уи ажәлар еиднакылозароуп. Гәахәароуп, иахьатәи аконференциа аҟны рыхшыҩ ахьеиларҵаз аԥсуа ҵарауааи, урыстәылатәи аҵарауааи. Ҳара еицаҳзеиԥшу уалуп аҭоурыхтә ҵабырг аиқәырхара, уи ишьақәнарӷәӷәоит ҳажәларқәа рыбжьара аиҩызара. Агәра згоит, иахьатәи аконференциа ԥхьаҟатәи  жәларбжьаратәи агуманитартә усеицура    шарманшәало", - иҳәеит Аԥсны Ахада.


Аконференциа  аартра иазкыз раԥхьатәи ажәахә ҟаиҵеит   Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аректор, афизика-математикатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, апрофессор, АНА академик Алеко  Гәарамиа. Аректор, аусмҩаԥгатә алахәылацәа  аԥсшәа раҳәо, иазгәеиҭеит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университети Д.И.Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институти русеицура шузеиҟәымҭхо, еишьашәаланы ишеибарбеиауа, руси рҳәои еибыҭаны ишеивагыло. Аконференциа зызку  аҭоурых  инарҭбааны   дахцәажәауа иҳәеит, ааигәа 100 шықәса ахыҵраны ишыҟоу  Аԥсны Асовет мчра ашьақәгылара мацара акәымкәа, 100 шықәса шахыҵуа Азербаиџьани, Ермантәылеи, Қырҭтәылеи, Ҭырқәтәылеи рыбжьара ибжьаҵоу еицырдыруа Карсстәи аиқәшаҳаҭрагьы. Убри аиқәшаҳатра аларҵәара шамоу Кавказ анҭыҵтәи аҳәынҭқаррақәа рҟны.  Аректор А.А. Гәарамиа дазааҭгылеит хәажәкыра 4 Аԥсны крызҵазкәа арыцхәқәа ишрымшу: "1949 шықәса азы диит Аԥсны аҩбатәи Ахада С.У. Багаԥшь, хәажәкыра 4, 2010 шықәса  азы иԥсҭазаара далҵит Аԥсны актәи Ахада Владислав Арӡынба. Ҳара наӡаӡа ҳгәалашәараҿы иаанхароуп ҳҳәынҭқарра аҿиара азы аџьабаа ду збаз",- иҳәеит ААУ аректор А.Гәарамиа.


Аҩада-Кавказтәи афедералтә университет аректор Д.Беспалов иажәахә аҟны иазгәеиҭеит, иахьатәи аусмҩаԥгатә  аҟны ишьҭыху азҵаарақәа зегьы Нхыҵ-Кавкази Аԥсынтәылеи иеицырзеиԥшу аҭоурыхтә шьаҭа шрымоу. 
Анаҩс аконференциа аҟны ажәахәқәа рыманы иқәгылеит аҵарауаа  жәахаҩык.