102 шықәса раԥхьа, 1919 шықәса жәабран 27 рзы иҭыҵит аԥсуа газеҭ «Аԥсны» актәи аномер. Ари акрызҵазкуа, асимволтә ҵакы змоу хҭыс дууп, иара уи амшгьы ԥхьаӡоуп Аԥсны амассатә хархәагақәа русзуҩцәа ирымшны. Агазеҭ «Аԥсны» епохоуп, аԥсуа журналистикеи алитературеи ирхыҵхырҭоуп. Урҭ ашықәсқәа рзы иҟаз аполитикатә ҭагылазаашьа хьанҭақәа раан, зыда ҧсыхәа ыҟамыз акьыҧхьтә ҭыжьымҭа ацәырҵра зыбзоуроу, арккаҩ ду аԥсуа литература ашьаҭаркҩы, апоет, апедагог, аҵарауаҩ Дырмит Иасыф-иԥа Гәлиа иоуп, иара иоуп алшара рызҭаз Аԥсны имҩаԥысуази уи анҭыҵ иҟази ахҭысқәа реилкаара алшара рзаԥызҵаз. Ижәлар зыргәамҵуаз азҵаарақәа, имҩаԥысуаз ахҭысқәа, урҭ рыҟны ирыдыркылаз аӡбарақәа зныԥшуаз ажәабжьқәа ауаа идеилиркаауан. Агазеҭ аԥхьатәи аномер аҟны ианын, аԥсуа милаҭтә кьыԥхь ахыҵхырҭаҿ игылаз, агазеҭ «Аԥсны» редакторсгьы иаиуз Дырмит Гәлиа истатиа. Араҟа Д.Гәлиа иҳәоит аԥсуа жәлар рдунеиқәыԥшылашьеи, рҵарадырреи, ркультуреи рышьҭыхразы ари агазеҭ ҭыԥс иннакылоу. Уи иҩуеит: «Иахьатәи амш, ԥеруал 27, ҳара аԥсацәа ҳзы даара мыш дууп, ныҳәоуп, аныҳәақәа зегьы иреиҳауп: иахьа иҭыҵит, иахьа уажәраанӡа аԥсышәала иҟамлацыз, аԥсуа газеҭ «Аԥсны» ҳәа хьӡыс иаманы… Аԥсацәа ражәа иалоуп «Амш ҽаԥарак аҟара иазҳаит» ҳәа, убас ҳаргьы «ҽаԥарак» аҟара ҳаԥхьаҟа ҳнеихеит… Шьҭа, аԥсацәа, лада шәыҟа, ҩада шәыҟа, шәҽеидышәкыл, ари абираҟ аҵаҟа. Ари бираҟоуп ҳара ҳзы…» («Аԥсны», 27.02.1919).
Д.И. Гәлиа иарҕьажәҩаны ивагылан ауаажәларратә усзуҩцәа: С.Ҷанба, И. Коҕониа, М. Лакырба, М. Аҳашба, Ӡ. Дарсалиа, И. Папасқьыр, В.Маан уҳәа уб.егь. Аҧсуа кьыԥхь ашьақәгылара ианаҿыз, асахьаркыратә литература аҧҵаразы имариамыз, аҭакҧхықәра ду зцыз аус инаваргыланы урҭ амилаҭтә кьыҧхь, ажурналистика, апублицистика ауасхыр азышьҭарҵеит.