Аԥснытәи аҳәынҭқарратә универсиет афизика-математикатә факультет аколлектив ииубилеи идырныҳәалоит ААУ афизика-математикатә факультет напхгара азҭо, аматематикатә анализ акафедра аиҳабы, Аԥсны аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа академик, афизика-математикатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, апрофессор, Ахьӡ-Аԥша аорден III аҩаӡара занашьоу Ниазбеи Лука-иԥа Ԥачлиа.
Ҳаҭыр зқәу Ниазбеи Лука-иԥа! Гәык-ԥсыкала ишәыдаҳныҳәалоит шәиубилеи. Шәара еиҵагыло аҿар реиҵааӡараҿы, шәџьабаа шьардоуп. Уи ҳара ҳзы иҿырԥшыгоуп. Шәахьыҟазаалакгьы еснагь иаашәырԥшуан ауаҩреи аламыси, аҭакԥхықәра ҳараки. Ирацәоуп шәара шәлагалеи шәылшамҭеи аҵараиурҭа аҟны афизика-математикатә ҭҵаарадырра аҿиаразы. Шәнапы иҵшәыжьхьоу аҭҵаарадырратә усумҭақәа, астудентцәа рзы – имҩақәҵагоуп.
Ишәзеиӷьаҳшьоит агәабзиара еицамк, агәалаҟазаара бзиа, аԥсуа ишықәсынҵыра. Шәнапы злаку шәзанааҭтә усураҿы аманшәалареи аихьӡара ҿыцқәеи.
Ҳҳәынҭқарреи ҳажәлари шәрыгымзааит!