Азҵаара рыҭара



Аԥсуа литература ауасхыршьҭаҵаҩы – 147 шықәса

Жәабран 21, 1874 шықәса рзы диит аԥсуа литература апатриарх, арккаҩы, абызшәадырҩы, аԥсуа "Анбан" аиқәыршәаҩ, агазеҭ  "Аԥсны" раԥхьатәи аредактор, аетнограф, раԥхьатәи атеатртә труппа аиҿкааҩ Дырмит Иосиф-иԥа Гәлиа. Ажәа "раԥхьатәи" Дырмит Гәлиа аус здиулоз ахырхарҭақәа зегьы рҿы ианаалоит.

Дырмит Иосиф-иԥа Гәлиа иџьашьатәу аԥсҭазааратә мҩа данысит. Ихәыҷратә шықәсқәа ақәшәеит 1877-1878 шықәсқәа рзы иҟаз аурыс-аҭырқәа еибашьреи амҳаџьырреи дуи аамҭа. Иахьа аҳәара уадаҩуп аԥсуа жәлари рбызшәеи ирԥеиԥшхоз, Дырмит Гәлиа иаб иҭаацәа иманы Аԥсныҟа дымгьежьызҭгьы.  Иара иоуп изылшаз ХХ ашәышықәса алагамҭазы аԥсуа литература ауасхыр азышьҭаҵара.  Д.И. Гәлиеи К.Д. Маҷавариани еицырхырааны ишьақәдыргылеит аԥсуа алфавит. Анаҩс, иҭижьит раԥхьатәи арҵага шәҟәқәа, раԥхьатәи ажәеинраалақәа аԥсышәала. Иара ибзоуроуп аԥсуа милаҭтә литература еиуеиԥшым атәылақәа рҿы иахьырдыруа.

Академик Николаи Марр Дырмит Гәлиа изы абас иҩуан: "...Ҳәарада, иахьатәи амш азы Гәлиа имҩаԥиго аҭҵаарадырратә усура иацназго аӡәгьы дыҟам. Иара еиԥш аамҭакала Аԥсны ажәытәан иҟаз аҭҵаареи иахьатәи аԥсҭазаашьа азҿлымҳареи еилазыгӡо, зымҽхак дуу даҽа ҵарауаҩык иара иеиԥш ицыхцыхуа аинтерес зманы абри ахырхарҭала аус зуа".

Д.Гәлиа икалам иҵихуаз, кыр шықәса раԥхьаҟа аԥхьаҩ игәы шархыҭхыҭуаз  аиԥш, иахьагьы аинтерес рыҵоуп. Иқәиргылоз азҵаарақәа,  зҿлымҳареи хшыҩзышьҭреи змоу, ԥсра зқәым ракәны иаанхоит.