211 шықәса ҵит Урыстәыла аимператор Александр I "Аԥсны Урыстәыла адларазы Аманифест" инапы аҵаиҩижьҭеи. Аԥсны есқьынагьы Қырҭтәыла иахәҭакны иԥхьаӡан ҳәа агәаанагара еиқәзырҽаҽоз ақырҭуа ҭоурыхҭҵааҩцәа ҿаԥнаҽуеит, жәабран 17, 1810 шықәсазтәи "Аманифест". Зыӡбахә ҳәоу аҭоурыхтә хҭыс иарҵабыргуеит Аԥсны ахатәы дгьылҵакыра шамаз, хазы иҟоу ҳәынҭқарраны ишыҟаз.
Аԥсуа аҳра, Қырҭтәыла еиԥш акәымкәа, Урыстәыла ианадла ашьҭахьгьы, ҳәынҭқаррак аҳасабала ахҳәаақәҵара ацәымӡӡеит. 1810 шықәса инаркны 1864 шықәсанӡа Аԥсуа аҳра автономтә напхгараҭара шамац иаанхон.