Азҵаара рыҭара



Адиссертациатә хьчара

Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟны имҩаԥысит аԥсуа литература акафедра адоцент Ҭыжьын Али Чуреи афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор иҩаӡара ахьӡ аиуразы лдиссертациатә хьчара.

Азанааҭ -афольклористика.

Атема "Ҭырқәтәыла иҟоу аԥсуа-адыгатә диаспора рқьабызтәи рашәаҳәаратә-инструменталтә традициақәеи".

Аҭҵаарадырратә абжьгаҩ - афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоқтор, Х.М. Бербеков ихьӡ зху Ҟабарда-Балкариатәи аҳәынҭқарратә университет апрофессор Зинаида Жантемир-иԥҳа Кудаева.

Иофициалтәу аоппонентцәа: "Т.М.Керашев ихьӡ зху Адыгатәи аҳәынҭқаррратә аҭҵаарадырратә институт" афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоқтор Чуиакова Нафсет Мураҭ-иԥҳа.

Аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа рдоқтор, Кавказтәи аетнологиеи антропологиеи ринститут аҟәша аиҳабы, Урыстәылатәии Аԥсни аҭҵаарадыррақәа ракадемиа алахәыла-корреспондент Анчабаӡе Иури Дмитри-иԥа.

Афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоқтор, "В.И.Абаев ихьӡ зху Аахыҵ-Уаԥстәылатәи аҭҵаарадырратәи асоциалтәи аинститут" аҟәша  аусзуҩы Сокаева Диана Ваинер-иԥҳа.

Аиҿкаара: "Т.М.Керашев ихьӡ зху Адыгатәи аҳәынҭқаррратә аҭҵаарадырратә институт" ақ.Маиҟәаԥ.

Адиссертациатә хеилак реилазаара:

 Ахеилак Ахантәаҩы - афилол.ҭҵ.рдоқтор, апрофессор,  ААР  академик Шь.Хь.Салаҟаиа, афоль. 10.01.09.

Ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ - афилол.ҭҵ.рдоқтор, апрофессор, ААУ аҭҵаараус  азы апрореқтор Џь.И.Адлеиба, афоль.10.01.09.

Аҵарауаҩ-маӡаныҟәгаҩ - афилол.ҭҵ.рканд., адоцент Ц.С.Габниа, афоль.10.01.09.

В.А. Коӷониа -афилол.ҭҵ. рдоқтор, ААР академик, афоль10.01.09.

Н.М.Чуиакова - афилол.ҭҵ.рдоқтор, афоль. 10.01.09.

Е.Е. Хабунова - афилол. ҭҵ.рдоқтор, апрофессор, афоль.10.01.09.

Т.В. Джамбекова - афилол.ҭҵ.рдоқтор, афоль.10.01.09.

В.Л.Бигәаа - аҭоурых ҭҵ.рдоқтор - аетнол.07.00.07.

О.В. Маан -  аҭоурых ҭҵ.рдоқтор - аетнол.07.00.07.

Б.А.Берберов -афилол.ҭҵ.рдоқтор -афольк.10.01.09.

В.К. Занҭариа-афилол.ҭҵ. рдоқтор, ААР академик -алит.10.01.01.

В.А. Бигәаа - афилол.ҭҵ. рдоқтор- алит.10.01.02.

Т.Е. Батагова - аҟазараҭҵаара рдоқтор – аҟазара 17.00.02.

Еиқәыԥхьаӡоу адиссертациатә хеилак алахәылацәа рҟынтә фҩык онлаин аформат ала рхы аладырхәит.

Аҭҵаара аобиектс иаман Ҭырқәтәыла инхо аԥсуа-адыга диаспора аки бжаки шәышықәса раахижьҭеи рҭоурыхтә ԥсадгьыл иалкьны хазы иҿиоз имаҷымкәа аиҭакрақәеи, аҽыԥсахрақәеи ишрыниахьоугьы, шьаҭанкыла рытрадициа ишацәхьамҵызи, уимоу аиқәырхара шрылдыршази атәы ауп.

Аҭҵаара маҭәарс иамоугьы ак акәны иқәгылоит аԥсуа-адыгатә етникатә диаспора Ҭырқәтәыла инхо, ажәлар рқьабзтә ган иадҳәалоу ауаа: аҭаацәатә қьабз, ақьабзтә шәақәа, ашәаҳәаратәи акәашаратәи культура, раԥхьаӡа иргыланы, ачара амҩаԥгара аконтекст ала. Убри аан иазгәаҭатәуп, ақьабзтәи ашәаҳәаратә-инструменталтә аԥсуа-адыгатә традициаҟны азеиԥш традициақәа шырныԥшуагьы, ишрымоу арегионалтә ҷыдарақәа.

Аҭҵаара хықәкыси дҵаси иамоу акакәны иҟоуп Ҭырқәтәыла иҟоу аԥсуааи адыгақәеи рытрадициатә культура иааидкыланы аилыргара.  Аҭҵаара еиҳаракгьы ахы ззырхоу ачаратә қьабзи уи иадҳәалоу ақьабзтә ашәақәеи, амузыкеи, амузыкалтә-инструментқәеи, аԥсуааи адыгақәеи рыкәашаратә ҟазара, Ҭырқәтәыла иҟоу аԥсуааи адыгақәеи, насгьы аԥсуа-адыгатә ахәыҷтәы фольклор аҭҵаара. Адиссертациатә хьчараан иазгәаҭан ачаратәи ахәыҷтәи қьабзқәеи аҵасқәеи комплексла рыҭҵаара.

Аҵарауаҩ-маӡаныҟәгаҩ – афилол.ҭҵ.рканд., адоцент Ц.С.Габниа иазгәалҭеит: «Иахьа имҩаԥысыз адиссертациатә хьчара ҭоурыхтә хҭыс дуӡӡоуп. Ҭыжьын Али Чуреи ишьҭылхыз атема ала ҳара Аԥсны макьана адоктортә усумҭа акәым, акандидаттә усумҭагьы ҳамамызт. Адиссертант лхаҭа Ҭырқәтәыла иааӡаз лоуп, амҳаџьырра аныҟаз ахҵәара зықәшәаз аҭаацәара дрылҵит, аха лара лыԥсадгьыл ахь дгьежьит, аус луеит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университети Д.И.Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт рыҟны. Темас ишьҭылхыз аԥсуа-адыга ашәаҳәаратә акәашаратә традициа аҟазшьақәа цҳакы иаҩызоуп, хылҵшьҭрала еизааигәоу ҩ-жәларык реимадараҿы. Ҳара ҳаԥсуа ҭҵаарадырраҿи адыга ҭҵаарадырраҿи ари ахҭыс лагала дууп», - ҳәа азгәалҭеит лара.

Адиссертациатә хеилак алахәылацәа ражәақәа рыла, ицәыргоу аусумҭа аԥсуа-адыгатә жәлар рдоуҳатә ҭынха иазку ркультуратә традициақәа шыхьчоу узырбо адыргақәа рцәыргара аганахьала акыр зҵазкуа усумҭоуп, насгьы ашәаҳәаратә инструментқәеи аритуалқәеи ирызку аматериалқәа рыҭҵаара ҷыдала еизганы системала анализ рзура ӷәӷәала илықәҿиеит. Абри аҩыза аусумҭа уажәшьҭарнахыс аԥсуа-адыга жәларқәа ркультуратә традициақәа ирызкны аҭҵаара мҩаԥызго рзы хсааланы, лашарбаганы иҟалоит ҳәа азгәарҭеит.

Ари ахҭыс инамаданы, Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет ареқтор А.А. Гәарамиа Ҭыжьын Али Чуреи лдиссертациа ахьчара ҭелла илыдиныҳәалеит.

 Ҭыжьын Али Чуреи лдоктортә диссертациа иазкны абжьыҭара имҩаԥгаз алҵшәақәа рыла, адиссертациатә хеилак алахәылацәа зегьы еицҿакны уи афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор ҳәа ахьыӡ лоура иазыразхеит.