1932 шықәсазы Аҟәатәи аҳәынҭқарратә арҵаҩратә институт аԥҵан. Аинститут раԥхьатәи адиректорс дҟаҵан Андреи Мақсим-иԥа Ҷоҷуа.
Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аамҭа уадаҩқәа иргәылиааит. Уи ашьақәгылара аҭоурых аҟны иалыркаауеит ихадароу ҩ-периодк: Аҟәатәи аҳәынҭқарратә арҵаҩратә институт аартра 1932 шықәса инаркны 1979 шықәсанӡа; аҩбатәи – 1979 шықәса инаркны иахьа уажәраанӡа.
1970-тәи ашықәсқәа рзы Аԥсны аҭагылазаашьа даара иуадаҩын. Қырҭтәыла анапхгара еиҳагьы идырӷәӷәеит ареспубликаҟны рымчра. Имҩаԥыргоз рполитика иахҟьаны, Аԥсны дара рхыԥхьаӡара кырынтә еиҳахеит, аԥсуаа раас́ҭа. Гәҭакыс ирыман аԥсуа жәлари, рбызшәеи, ркультуреи рақырҭуатәра. Абри аамҭа уадаҩ аан аԥсуа интеллигенциа ахаҭарнакцәа ирыӡбеит Асовет Еидгыла анапхгарахь рҭагылазаашьа уадаҩ зныԥшуаз аполитикатә ҟазшьа змаз ашәҟәы маӡала аҩра. Ҽнакала еиқәыршәаз акы акумызт иара. Уи аԥҵаразы шықәсыбжак аамҭа аҭаххеит, избанзар жәларык рлахьынҵа зыӡбоз акәын, иаԥхьозгьы идеилыркаатәын Аԥсны аҩныҵҟа аҽыԥсахрақәа шхымԥадатәыз, иагьрылшеит уи анагӡара. Имҩаԥгаз аус иалҵшәахеит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университети Аԥсуа телехәаԥшреи раартра.
1978-тәи ашықәс - Аҟәатәи аҳәынҭқарратә арҵаҩратә институт азы иналукааша шықәсны иҟалеит. КПСС Ацентр Комитети Асовет Еидгыла Аминистрцәа Реилазаареи Аԥсны азы ирыдыркылаз рықәҵараҿы, иазгәарҭеит абри аинститут абазала иаԥҵахарц Аԥсуа ҳәынҭқарратә университет.
Аԥсуа жәлари ҳҵарауааи шықәсырацәалатәи рмилаҭтә-хақәиҭратә қәԥара иабзоураны, 1979 шықәсазы иаартхоит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет. Ари ахҭыс аԥсуа жәлар зегьы рзы аҵак ду змаз ныҳәа дуун – инаӡеит рыгәҭакы.
Ҳазлацәажәо ахҭыс инамаданы, имҩаԥган агәырӷьаратә митинг. Ҵаҟа ианаҳҵоит февраль 9, 1979 шықәсазы агазеҭ «Аԥсны ҟаԥшь» №28, ианыз амитинг аҟны иқәгыланы ирҳәоз ажәахәқәа рцыԥҵәахақәак.
Ш.Арсҭаа – Аҟәатәи арҵаҩратә институт аԥсуа бызшәа акафедра аиҳабы:
«Инаӡеит ҳара ҳагуҭакы. Ҳарҵаҩратә институт аколлектив рыхьӡала, Аԥсны аџьажәлар рыхьӡала, ҭабуп ҳәа раҳҳәоит ҳпартиа Ацентр Комитети СССР Аминистрцәа Рсовети, иара убас Қырҭтәылатәи Акомпатриа Ацентр Комитети ареспублика аиҳабыреи Аԥснытәи Автономтә Республика иазыруа агуцаракра ду азы…»
«Ари ахҭыс мыцхуы ҳаигәырӷьеит. Аԥсуа аҳәынҭқарратә университет аартра ҳавтономтә республиказы иԥсҭазаароуп. Ҳара иҳалшауа зегьы ҟаҳҵоит ҳабжьаратә школқуа ирылгауа, иреиӷьу аҿар уахь инеирацы», – Аԥснытәи АССР аҵара аминистр Ҭ. Коӷониа.
Аҟәатәи арҵаҩратә институт афилологиатә факультет адекан П.Аӡынба иазгәеиҭеит: «Иахьа Аԥсны иқунхо зегьы рзы иныҳәа дууп. Акыр шықуса ҳаззыԥшыз Аԥсуа аҳәынҭқарратә университет ҳзаадыртит. Ауниверситет аартра - ҳарҭ арҵаҩцәа аус ду ҳаднаҵоит, ҳҭакԥхықура иҵегьы ишьҭнахуеит».
Аԥсуа аҳәынҭқарратә университет аартра иазкыз амитинг далахун Аԥснытәи АССР Аминистрцәа Рсессиа Ахантәаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ В. Цыгуба.
ААУ раԥхьатәи ареқторс дҟаҵан Зураб Вианор-иԥа Анчабаӡе.
Сынтәа 42 шықәса ҵит ари ахҭыс ҟалеижьҭеи.
Ари аамҭа иалакӡаны Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет иазыҟанаҵахьеит жәанызықьҩыла аҟазацәа. Ҳтәылаҿы иҟам аҵараиурҭа аушьҭымҭацәа аус ахьырымуа еиҿкаарак.
Аханатә аахыс еиԥш, иахьагьы ауниверситет – ҳмилаҭтә наука, ҳаҭҵаарадырра, ҳкадрқәа, ҳастудентцәа рааӡараҿы аҵак ду змоу ҭҵаарадырратә хәышҭаароуп.