Азҵаара рыҭара



Еиду амилаҭқәа рхеилак апрограмма аҿиара рыцхыраара

Жәабран 2 рзы, Еиду амилаҭқәа рхеилак апрограмма аҿиара ахаҭарнакцәа Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет иаҭааит. Ари ахеилак, Еиду Америкатәи Аштатқәа рфинанстә цхыраарала, Жәларбжьаратәи Аҿиара апрограмма инақәыршәаны, аҵараиурҭа еиқәдыршәахьан аинформациатә-коммуникациатә технологиала ауниверситет аконференц-зал. Иара убас, ААУ акомпиутертә лабораториа азы ҩажәа компиутери, апринтери, апроектори. Иахьатәи амш иалагӡаны, дара игәарҭеит иааргахьаз атехника аусушьеи, насгьы, ахархәара шаиузи атәы.

ПРООН ахаҭарканцәа идикылеит ААУ аҵараус азы актәи апроректор Виқтор Илиа-иԥа Маланӡиа. Апроректор, ауниверситет анапхгареи астудентцәеи рыхьӡала иҭабуп ҳәа реиҳәеит Еиду амилаҭкәа рхаҭарнакцәа аҵараиурҭа иарҭо ацхырааразы.