Лыҧсҭазаара далҵит арҵаҩы, аҵарауаҩ, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат, Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет аҧсуа литература акафедра адоцент, Аҧсны иреиҳау ашкол зҽаҧсазтәыз аусзуҩы, апоет, аиҭагаҩ, 1992-1993 шықәсқәа рзтәи Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеран Лиудмила Арзамеҭ-иҧҳа Хьыбба.
Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет аректорати, афилологиатә факультет апрофессор-рҵаҩратә еилазаареи, аҧсуа литература акафедреи гәалсра дула ирыдышшылоит Лиудмила Хьыбба луацәеи лҭынхацәеи.
Адышшылараҿы иаҳәоит:
«Ҳмилаҭтә ҵараиурҭа иаиуит харҭәаашьа змамацәыӡ. Лиудмила Арзамеҭ-иҧҳа Хьыбба илаамҭамкәа лцара ааха дууп ҳколлектив азы. Еснагь аҧсуаразы згәы еибафоз, змилаҭ рзы зхы иамеигӡоз, ааҧсара ззымдыруаз, итрадициатәыз аҧсуа ҭаацәара бзиа иалҵыз, даныҩеидас инаркны амилаҭ-хақәиҭратә қәҧара ашыкьымҭа далагылан. Лыҧсадгьыли луаажәлари рҿаҧхьа уи илыднаҵоз аҭакҧхықәра еиҳагьы илнырит Лиудмила Арзамеҭ-иҧҳа еицырдыруаз апоет, апатриот Владимир Платон-иҧа Анқәаб данинасыҧха. Иара дызҵаз ахьанҭара ицеиҩылшеит, дарҕьажәҩаны дизыҟалеит.
Урҭқәа зегьы ас иааинырсланы рылацәажәара мариам, избан акәзар акыр иуадаҩын егьырҭ аҧсуа ҭаацәарақәа аӡәырҩы рзы еиҧш, ари аҭаацәара усҟантәи рҭагылазаашьа: иахьеи-уахеи амчра ахаҭарнакцәа рышьклаҧшуан, рмилаҭтә хдырразы авба рырҭон, русурақәа рҿы ирықәымчуан. Аха знызаҵәыкгьы Лиудмила Арзамеҭ-иҧҳа лыҧшәма иажәа дахымҧеит, длымҭиит, иусқәа зегьы рҿы дивагылан.
Ирацәан аҧсҭазаараҿы Лиудмила Хьыбба лнапы злакыз аусқәа. Аха зегь раҧхьаӡагьы, лара дырҵаҩын, дҵарауаҩын. Аҧсуа литература акафедра атрадициа бзиақәа еихаҳауа иаазгоз арҵаҩцәа дреиуан. Лҩызцәеи лколлегацәеи рҿы ҳаҭыр лықәын, анҭыҵ акәзаргьы, лхыҧша ҕәҕәан, нхыҵ-аахыҵ дрымадан. Астудентцәа анра рызуа, адыррақәа рдунеи ахь ихьалырҧшуан, аҧсуара, Аҧсадгьыл абзиабара рылалааӡон.
Аҭҵаарадырра аганахьала акәзар, лнапы алакын аҧсуа литература аҭҵаара. Лара дравторуп 20 инареиҳаны аҭҵааратә усумҭақәа, иҭлыжьхьан акымкәа-ҩбамкәа ашәҟәқәа, аҧсуа литературазы арҵагатә цхыраагӡақәа.
Лиудмила Хьыбба лхы ҧылшәон апоезиа аганахьалагьы, ибиангьы илыцааиуан. Лнапы алакын аиҭагара аус.
Имаҷым Лудмила Арзамеҭ-иҧҳа лџьабаа Аҧсны ахақәиҭра азаагара аус аҿгьы: аибашьраан арратә корреспондентс дыҟан, дмедиаҳәшьан, уи моу афронт ацәаҳәахьгьы днеиуан. Аҧсадгьыл ахьчаҩцәа ирызкыз, ҳажәлар ргәы шьҭызхуаз астатиақәа, анҵамҭақәа уҳәа агазеҭ «Бзыҧ» адаҟьақәа рҿы илкьыҧхьуан.
Лиудмила Арзамеҭ-иҧҳа дреиуоуп Аҧснынтәи раҧхьаӡа акәны Ҭырқәтәыла ицаны ҳџьынџьуаа аҧсуа бызшәа дзырҵоз арҵаҩцәа. 2006 шықәсазы Еврокомиссиа иҟанаҵаз ааҧхьарала официалла ари аус хацлыркуеит, аха уи аҧхьа такәаамҭа, азин ҟалаанӡагьы, аҧсуа хеидкылақәа рҿы аҧсшәа длырҵон.
Лара иаалырҧшуаз ақәҿиарақәа ртәы рҳәон лассы-лассы уа иҭыҵуаз агазеҭқәеи ажурналқәеи. Усҟан Аҧсны Ахада С.Багаҧшь ихьӡала иаашьҭын Лиудмила Хьыбба лырҽхәаҧхьыӡ зныз ашәҟәы. Уаҟа иаҳәон абас: «Раҧхьаӡа иргыланы ишәыдаҳныҳәалоит, Ҭырқәтәыла аҧсуа бызшәа зинла аҵара ахьыҟалаз. 142 шықәса рышьҭахь уи аҭоурыхтә ҵак ду змоу хҭысуп Кавказ амилаҭқәа зегьы рзы. Иҭабуп, иалкаахаз арҵаҩы Л.А. Хьыбба дахьаашәышьҭыз. Уи аҭоурых аҿы раҧхьатәи рҵаҩхеит. Аҧсны ас иҟоу арҵаҩцәа ҳамазар, ҳбызшәа ҧсӡом, ҳаргьы ҳҭахом…».
Дҳацәцеит илаамҭамкәа, зынӡа заа, ҳколлега бзиа, ҳҩыза хазына, лырҿиареи лусуреи рганахьала еиҳа аныҟалҵашаз, еиҳа анылушаз аамҭазы. Дцеит аӡәгьы дмырхьаа, луалҧшьа нагӡаны: лыҧшәма Владимир Анқәаби лареи рыҧсы иахылҵыз ҩыџьа аҭыҧҳацәа ссирқәа ааӡаны, аҵара дырҵаны, ршьапы иқәыргыланы: лыҧҳа еиҳабы Гәында — Сҭампылтәи ауниверситет аҿы аҧсуа бызшәа даҧхьоит, Риҵа лакәзар, Шотландиа, Абердинтәи ауниверситет аҿы аус луеит, асоциологиатә ҭҵаарадыррақәа дыркандидатуп.
Гәалсра дула ҳшәыдышшылоит, шәхьаа шәыцеиҩаҳшоит, Лиудмила Арзамеҭ-иҧҳа лҭаацәа, луацәа, лҭынхацәа. Анцәа ду амч-алшара шәиҭааит ари аҩыза агәырҩа ду ахгараҿы.
Лиудмила Арзамеҭ-иҧҳа Хьыбба лгәалашәара лаша, ҳарҭ, аус лыцызуаз лҩызцәа, лколлегацәа еснагь иҳацзаауеит. Лыҧсаҭа бзиахааит!»
Аҧснытә аҳәынҭқарратә университет
аректорат ́
Афилологиатә факультет
апрофессор-рҵаҩратә еилазаара
Аҧсуа литература акафедра