Ҳаҭыр зқәу сколлегацәа, ауниверситет апрофессор-рҵаҩратә еилазаара, аҵараиурҭа аусзуҩцәа, астудентцәа!
Аепидемиологиатә ҭагылазаашьа иахҟьаны, ҳазҭоу ашықәс, зегьы рзы еиԥш, ҳҵараиурҭазгьы акыр иуадаҩын. Аха еиуеиԥшым аусмҩаԥгатәқәа азԥхьагәаҭаны ҳара иҳалҳаршеит аҵаратә процесс еиԥымҟьартә аҟаҵара.
Аҵаратә процесс ҳалацәажәозар, аҿкы чымазара иахҟьаны иалагалан аԥкрақәа, аха 75% астудентцәа ауниверситет ахь иныҟәон, 25% рҽазыҟарҵон онлаин арежим ала. Иааидкыланы иугозар, аҵаратә план инақәыршәаны, астудентцәа ироураны ирыхәҭаз адыррақәа рыҭан. Иҟоуп маҭәарқәак рганахьала аԥышәарақәа ахьиаагаз.
Ашықәс ахыркәшамҭазы, ишаԥу еиԥш, алҵшәақәа еихыршьаалоит. Иаҳҳәарц ҳалшоит, ауадаҩрақәа маҷымкәа ишыҟоугьы, иҳамоуп ақәҿиарақәа. Урҭ зегьы ирхадароуп, ауниверситет аҟны аҵаратә процесс еиԥымҟьартә аҟаҵара ахьҳалшаз. Ҳәарада, аамҭа ҳҿаԥхьа иқәнаргылоит еиуеиԥшым апроблемақәа. Аха агәра ганы сыҟоуп, маҷ-маҷ урҭ рыӡбара шҳалшо.
Ҳаҭыр зқәу аҩызцәа! Ишәыдысныҳәалоит иааиуа Ашықәс Ҿыц. Ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара, ақәҿиара дуқәа, аманшәалара, хаҭа-хаҭала, ҩнаҭа-ҩнаҭала зегьы - аҭынчреи аманшәалареи!
Сара даара сақәгәыӷуеит, ҳазҭало 2021-тәи ашықәс ҳажәлар реидгылара, ракзаара иашықәсны иҟалап ҳәа. Иҳагымзааит зегьы агәыразреи аилибакаареи!
Ҽаанбзиала шәгәырӷо шәнеилааит!