Азҵаара рыҭара



Иҭыҵит ААУ астудентцәа русумҭақәа реизга

  Москва, ашәҟәҭыжьырҭа “МАКС Пресс” аҟны иҭыҵит ААУ астудентцәа русумҭақәа реизга.

  Аизга еиднакылоит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет астудентцәа 2018-2019 шш. рзы иаԥырҵаз иреиӷьу русумҭақәа. Аусумҭақәа апробациа иахысит афакультетқәа рҿы, урҭ ирзыӡырҩын астудентцәа рыҭҵаара-практикатә конференциаҿгьы.

  Аҭҵаарадырра зҽадзыԥхьало ауниверситет астудентцәа русумҭақәа рызкуп афизика, абиологиа, агеографиа, аҭоурых, апедагогика, асоциологиа, аекономика, азиндырра, аполитологиа, абызшәа, алитература уҳәа рызҵаарақәа.

  Аизга ианылеит 30 статиа. Аҭҵааҩцәа ҿарацәа раԥхьатәи раԥҵамҭакәа рҿы иқәдыргыло азҵаарақәа рыӡбара ҭакԥхықәрала ирызнеиуеит.

  Аизга цхыраагӡоуп астудентцәа рхықәкы хада —адырра аизырҳара аус аҿы, имҩақәҵагоуп наҟ-наҟ аҭҵаара знапы алазкыр зҭаххо астудентцәа рзы, рхы иадырхәар рылшоит, астудентцәа рнаҩсан, аспирантцәагьы, иара убас аҭҵаарадырра иазҿлымҳау зегьы.