Азҵаара рыҭара



Аҭоурыхтә факультет ҳамҭас иарҭеит ашәҟәқәа

Жьҭаарамза 5 рзы Аԥсны иҟоу Россотрудничество ахаҭарнакра Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҭоурыхтә факультет ҳамҭас иарҭеит еиуеиԥшым хра зҵоу аҭоурыхтә шәҟәқәа.

Россотрудничество ахаҭарнакра аконсультант Михаил Масаев иажәахә аҿы иҳәеит ԥхьаҟагьы ацхыраара шрырҭало.

Аҭоурыхтә факульет адекан Алик Ноколаи-иԥа Габелиа иҭабуп ҳәа реиҳәеит Россотрудничество ахаҭарнакцәа, иагьазгәеиҭеит дара русеицура аҵак ду шамоу.

Иазгәаҭатәуп Россотрудничество ахаҭарнакра изныкымкәа аҵараиурҭа ацхыраара шрынаҭо – абҵарамза 27 рзы ААУ афилологиатә факультет ҳамҭас иарҭеит ашәҟәқәа.

Аусмҩаԥгатә аҳәаақәа ирҭагӡаны Россотрудничество аконсультант М.Масаев агәаларшәагатә шәҟәқәа ҳамҭас ииҭеит агазеҭ «Аԥсуа университет» аредақтор хада Алхас Чхамалиа.