Азҵаара рыҭара



Аҿкы чымазара иазку алекциа

Жьҭаарамза 15 рзы Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟны имҩаԥысит иҿыцу аҿкы чымазара зхылҿиаауа еиуеиԥшым аспектқәа аазырԥшуа астол гьежь.

Аиԥылара ахь иааԥхьан аҳақьымцәа, арҵаҩцәа, амедицинатә усхк аҭҵааҩцәа, астудентцәа, аволонтиорцәа.

Астол гьежь онлаинла ихы алаирхәт ААУ аҵараус раԥхьатәи апроректор, абиологиатә ҭҵ. рканд. В.И.Маланӡиа, иара дахцәажәеит апандемиа аамҭазы ауниверситет аусура.

Аҿкы чымазара аилазаашьеи аҭоурыхи ртәы еиҭалҳәеит абиолого-географиатә факультет адекан, абиол.ҭҵ. рканд, адоцент М.Л. Гогәуа.

ААУ аексперименталтә биологиеи амедицинеи ркафедра аиҳабы, Урыстәыла иатәу атромбози агемостази Амилаҭтә ассоциациа алахәыла, абиол.ҭҵ.рканд Л.О.Аҳәба акоронавирустә чымазара ауаҩы ицәеижьаҿ аҿиареи ацәырҵшьеи ҳәа хыс измаз ажәахә азлырхиеит.

Аҭҵаараус ала адиректор ихаҭыԥуаҩ, НИИЕПиТ Аиммуннологиеи авирусологиеи алабораториа аиҳабы, аексперименталтә биологиеи амедицинеи акафедра адоцент, Урыстәыла алаборатортә медицина Афедерациа алахәыла,  Аԥсны ауааԥсыра аҿкы чымазара рацәыхьчаразы аоперативтә штаб алахәҩы, абиол.ҭҵ.рканд. А.З.Матуа дахцәажәеит акоронавирус чымазара  ашьақәыргылареи атестмҩаԥгареи ртәы.

Аексперименталтә биологиеи амедицинеи ркафедра арҵаҩы, агепатолог, аҳақьым, ауааԥсыра аҿкы чымазара рацәыхьчаразы аоперативтә штаб алахәҩы А.А.Шакаиа акоронавирус чымазара раԥхьатәи асимптомқәа ртәы еиҭалҳәеит.

 Ауаҩи аԥстәқәеи рфизиологиеи ахимиеи акафедра адоцент, абиол.ҭҵ.рканд Ҭ.З.Каландиа еиҭалҳәеит акарантини ахыхьчареи рхәарҭа.

Ажәахәқәа зегьы апрезентациақәа рыла инагӡан.

Астол гьежь аҳәаақәа ирҭагӡаны ААУ астудентцәа ирыман алшара аспециалистцәа рахь азҵаара ҭира.