Азҵаара рыҭара



ААУ аректор, академик А.А.Гәарамиа жәларбжьаратәи онлаин-семинар иҽалаирхәт.

Жьҭаарамза 28, ААУ аректор, академик А.А. Гәарамиа иҽалаирхәт жәларбжьаратәи онлаин-семинар.

Асеминар мҩаԥган асоветтәи аизраильтәи алгебраикатә школ апатриарх, афизико-математикатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, апрофессор Борис Исаак-иԥа Плоткин 95-шықәса ихыҵра аиубилеи инамаданы.

Асеминар аусура иацнаҵоит 20-шықәса инарзынаԥшуа. Ари асеминар аҟны иахцәажәоит аматематика аусхк аҵыхәтәантәи аҭҵаарақәа рлыҵшәа, иагьықәдыргылоит алгебраистцәа зызҿлымҳау актуалтә проблемақәа. Сынтәа ажәахәқәа ҟарҵеит еицырдыруа израильтәи аматематик Илиа Арон-иԥа Рипси америкатә математик, Филдтәи апремиа алауреат Ефим Исаак-иԥа Зельманови.

Алеко Алықьса-иԥа асеминар аиҿкааҩцәа иҭабуп ҳәа раҳәо ииубилеитә мшира идиныҳәалеит Борис Исаак-иԥа Плоткин. Аректор аиубилиар изеиӷьаишьеит агәабзиара еицамк, агәамч, аԥсуа қәранҵыреи.