Азҵаара рыҭара



ААУ аҟны ихацаркуп аҵаратә процесс

Ишьақәгылаз аепидемиологиатә ҭагылазаашьа иахҟьаны Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟны аҵаратә процесс 1-тәи акурсқәа (ҽынлтәи аҟәшаҟны) асанитартә ԥҟаррақәа инарықәыршәаны ихацаркын цәыббрамза 21 рзы.
Жьҭаарамза 5 инаркны аҵараиурҭаҟны факультет цыԥхьаӡа ишьақәыргылан аграфик, уи инақәыршәаны аҵара зҵо зегьы      аамҭаказы ауниверситетахь еицымнеиуа, ауаа рацәа меизо алекциақәа еихшоуп, асабшагьы алекциақәа мҩаԥысоит, иҟоуп онлаинла аҵара зҵо агәыԥқәагьы. Иҟоуп агәыԥқәагьы ААУ абазатә кафедрақәа рыҟны зҵара мҩаԥысуа: Аԥышәарҭатә паталогиеи атерапиеи аинститут, Д.И.Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт, Аԥсны аекологиа аинститути рҟны.
ААУ аректорат ахылаԥшра ҷыда арҭоит аҿкы чымазара аламырҵәаразы, иацклаԥшуеит астудентцәеи арҵаҩцәеи ргәабзиара. Нанҳәамзазы ААУ аексперименталтә биологиеи амедицинеи ркафедреи Аԥсны агәабзиарахьчара  аминистрреи  ауааԥсыра аҿкы чымазара рацәыхьчаразы аоперативтә штаби раԥшьгарала имҩаԥган ауниверситет аусзуҩцәа  рыбжьара ачымазара алкааразы атестмҩаԥгара.